Омикрон-штамм Нхыҵ Уаԥстәыла иалаҵәо иалагеит

Мчыбжьык аԥхьа "омикрон" ашьҭақәа рбеит Нхыҵ Уаԥстәыла.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 24 - Sputnik. Акоронавирустә инфекциа аомикрон-штамм Нхыҵ Уаԥстәыла иаҳа-иаҳа иҿио иалагеит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости Роспотребнадзор арегионалтә напхгараҭара аиҳабы Алан Тибилов иажәақәа шьаҭас иҟаҵаны.
Иара иҳәеит Нхыҵ-Кавказтәи афедералтә округ асубиектқәа рҿы COVID-19 71,5% алаҵәара мҩаԥысуеит ҳәа. Ииасыз амчыбжь иаҿырԥшны 1,7–нтә еиҳахеит.
"Ииасыз амчыбжь иаҿырԥшны ачымазара 17,2% еиҳа еиҳахеит, аха убри аан аковидтә госпитальқәа рахь идҵаало шыҟац иҟоуп. Ииасыз амчыбжь азы аҿкы алаҵәара адиапазон 1,04 - 1,18 иҟан, активтә хыҵхырҭақәа - 1168… Агәра угартә иҟоуп ареспубликаҿ аԥыжәара шышьҭнахыз "омикрон", - иҳәеит Тибилов аилацәажәараҿы.
Иара иажәақәа, рыла ииасыз амчыбжь азы ахәыҷқәа рыбжьара COVID-19 3,6-нтә еиҳахеит.
Нхыҵ Уаԥстәыла омикрон-штамм раԥхьатәи ахҭыс азгәаҭоуп