Аԥсны

Аҟәа, Бендеры, Цхьынвал рсахьаҭыхратә ҵараиурҭақәа аиндаҭлара еицымҩаԥыргоит

Аԥсни, Приднестровиеи, Аахыҵ Уаԥстәылеи еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рыла аусеицура рыбжьоуп.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 25 - Sputnik. Бендератәи иреиҳау асахьаркыратә коллеџь аректор Сергеи Горбаченко ажәалагала ҟаиҵеит Аҟәа, Бендеры, Цхьынвал рсахьаҭыхратә ҵараиурҭақәа аиндаҭлара еицымҩаԥыргарц, абри атәы аанацҳауеит Аԥсны иҟоу Приднестровие ахаҭарнакра асаит.
Ахшыҩҵак цәырҵит Бендеры, Приднестровие иҟоу Аԥсны ахаҭарнак Александр Ватамани аусбарҭа аиҳабыреи реиԥылараан.
Аиндаҭлара аԥҟара апроект Бендератәи иреиҳау асахьаркыратә коллеџь аректорат аус адыруылоит. Анаҩс иара Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рсахьаҭыхратә ҵараиурҭақәа ирзынашьҭхоит.
Аҟәеи Тирасполи рыбжьара адипломатиатә еизыҟазаашьақәа хацыркын 1993 шықәса ажьырныҳәамзазы. Приднестровие Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьыԥшымра азханаҵеит абҵара 17, 2006 шықәсазы. 2008 шықәсазы Приднестровие иаадыртит Аԥсны Аҳәынҭқарра аофициалтә хаҭарнакра. 2008 шықәсазы Приднестровиа Молдавиатәи Ареспублика Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи разхаҵара иадгылеит.
Красносельски Аԥсны: Амшын аԥшаҳәаҿы аныҟәареи акаҳуеи