АҞӘА, ажьырныҳәа 26 - Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Аԥсны алашара арцәара еиҳарак изыхҟьо афымцатә цәаҳәақәа зҵало аидароуп ма амашәырқәа аныҟало ауп. Алашара арцәара аграфик алагалаӡам ҳәа Sputnik акорреспондент илзеиҭеиҳәеит "Амшынеиқәафымцамч" апресс-маӡаныҟәгаҩ Алхас Гагәылиа.
"Аграфик алагалам. Алашара ауадаҩрақәа ирхьырԥшны ауп ишдырцәо. Аҭагылазаашьа ахәшьара арҭоит аҭыԥантәи РЕСқәа", - иҳәеит Гагәылиа.
Гагәылиа иҳәеит ианыхьҭоу авариақәа еиҳахоит ҳәа.
"Анцәа иџьшьаны Калдахәаратәи авольтҳарак аҿтәи аиԥш ааигәа иҟамлацт авариақәа аха аихшаратә цәаҳәақәа рҿы урҭ маҷым. Ацәаҳәақәа акыр иқәсхьеит, иажәхьеит. Ианыхьшәашәароу урҭ имарианы иԥҵәоит. Авариа ахьыҟало заанаҵ иузҳәом. Аидара рақәхрагьы ҳҭагылазаашьаҿы иуадаҩуп. Иҟоуп закәаншьаҭада ацәаҳәақәа рыҽрыԥшьрақәа. Убри азы аҭагылазаашьа анҭышәынтәалахо аӡбахә аҳәара заауп", - иҳәеит Гагәылиа.
Иахьазы Аԥсны аҵакыра ахәҭак Урыстәылантәи алашара аиуеит, егьи ахәҭа "ГЕС-1" аҟынтә.