Аԥсны

Ҭаркьылԥҳа: Аҟәа ашколқәа арктәуп ҳәа азҵаара ықәгылам

Аҟәа ақалақь ахадара аҵара аусбарҭа аиҳабы ашколхәыҷқәа рыбжьара акоронавирустә инфекциазы аҭагылазаашьа далацәажәеит.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 26 - Sputnik. Аҟәа ашколқәа раркразы азҵаара ықәгылам ҳәа адырра ҟалҵеит Аҟәа ақалақь ахадара аҵара аусбарҭа аиҳабы Асҭанда Ҭаркьылԥҳа. Абри атәы аанацҳауеит аҳҭнықалақь ахадара асаит.
Ҭаркьылԥҳа лажәақәа рыла, 8713 ҵаҩы рҟынтәи 58-ҩык акоронавирус рымоуп, даҽа 36-ҩык рхы ԥхьакны иҟоуп. Арҵаҩцәа ракәзар – 14-ҩык ачымазара рцәа иалоуп, хҩык рхы ԥхьакны иҟоуп.
412 класс рҟынтәи 17 класс акарантин азы иаркуп: 2-тәи ашкол аҿы – ф-класск, 10-тәи ашкол аҿы – хә-класск, 3-тәии 4-тәии ашколқәа рҿы х-класск аркуп.

"Мчыбжьык аԥхьа аҭагылазаашьа акыр еиӷьын. Аха ус шакәугьы, ашколқәа раркра ҳалацәажәом. Апроблема ҭыԥ-ҭыԥла ҳазнеиуеит. Акласс аҿы ичмазцәоу ыҟазар, уи акласс акарантин ахь иҳашьҭуеит, ашкол аус шауц иауеит. Асанитартә ҳақьым лабжьгарақәа ҳрықәныҟәоит. Ахәыҷбаҳчақәа рҿгьы иара убасҵәҟьа ҳазнеиуеит", - ҳәа лҳәеит лара.

Иахьазы Аԥсны 30-ҩык "омикрон" рыдбалоуп. Иааидкыланы Аԥсны 40 000-ҩык инареиҳаны авирус рыдырбалахьеит, жәацы 500-ҩык инареиҳаны COVID-19 рыдбалан. Ари рекордтә рбагоуп апандемиа иаалагазар. Ажьырныҳәа 25 рзы Аԥсны ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы Акоординациатә штаб аилатәара ашьҭахь акультура аусбарҭақәеи аспорттә обиектқәеи русура азин ҟаҵоуп.
Аԥсны
Гагра араион аҿы ашколқәеи ахәыҷбаҳчақәеи жәабран 1 аҟынӡа иаркызаауеит