Аԥсны

Атеррористҿагыларатә ҽазыҟаҵарақәа мҩаԥгахоит Аҟәа

Аԥсны Ашәарҭадаратә маҵзура аҳҭнықалақь ауааԥсыреи асасцәеи ргәырҽанырҵоит ауҳәансҳәан иазымӡырҩырц, имшәарц.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 26 - Sputnik. Аԥсны Ашәарҭадаратә маҵзура атеррористҿагылартә ҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргоит ажьырныҳәа 27 инаркны жәабран 5 рҟынӡа, абри атәы аанацҳауеит амаҵзура асаит.
Аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥгахоит Аҟәа, Аԥснытәи АССР Иреиҳаӡоу Ахеилак ахыбра аҿаԥхьа.
Ааигәа иҟоу аҳәынҭусбарҭақәа русзуҩцәеи аҩнеихагылақәа рҿы инхо ауааи агәаҽанызаара аадырԥшырц аҳәара ҟарҵоит.