АҞӘА, ажьырныҳәа 27 - Sputnik. Ауаа рацәа реизарҭа ҭыԥқәа рҿы – атранспортгьы налаҵаны, асабрадақәа рныҟәгара хымԥадатәиуп ҳәа азгәанаҭоит Аԥсны ААР асаит. Ари ауааԥсыра рзы ихәарҭоуп аҿкчымазара аҽацәыхьчаразы.
Аусбарҭаҿ ирҳәеит Аԥсны аамҭа-аамҭала имҩаԥыргоит асанитартә ҭахрақәа ишрықәныҟәо агәаҭара ҳәа. Иааларҟьаны агәаҭарақәа мҩаԥысуеит атранспорт, ахәаахәҭратәии акрыфарҭатәии ахыбрақәа рҿы.
Ажьырныҳәа 26 азтәи адыррақәа ирықәыршәаны Аԥсны аепидемиа ҵысижьҭеи аҿкчымазара зыхьхьоу ауаа рхыԥхьаӡара 41 458-ҩык рҟынӡа инаӡеит, ргәы бзиахахьеит 35 765-ҩык ауааԥсыра, рыԥсҭазаара иалҵхьеит 590-ҩык.