Аԥсны

Гәдоуҭа араион ақыҭақәа еимаздо ацҳақәа ҩба еиҭашьақәдыргылоит

15 шықәса раԥхьа аӡхыҵраан ааха роуит араион ақыҭақәа еимаздоз ацҳақәа ҩба.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 27 - Sputnik, Бадри Есиава. Мысреи Мгәыӡырхәеи, Мысреи Амбареи еимаздо ацҳақәа ҩба еиҭашьақәдыргылоит ҳәа иҳәеит Sputnik зыҿцәажәоз Мысра ахада Шәарах Жьиба.
"15 шықәса раԥхьа аӡхыҵраан ааха роуит араион ақыҭақәа еимаздоз ацҳақәа ҩба. Аамҭалатәи ацҳақәа хаҳҵеит, аха урҭ аидарамҩангага машьынақәа зрықәсуам. Уажәы аиҿкаара ООН "Hallo Trust" ахарџь алеи аҭыԥантәи ахатә харџьқәеи рыла ацҳақәа еиҭашьақәыргылахоит", - иҳәеит иара.
Гәдоуҭа араион ақыҭақәа еимаздо ацҳақәа ҩба еиҭашьақәдыргылоит
Ацҳақәа роурақәа 12 метреи 9 метраки иҟоуп ҳәа иҳәеит Жьиба иагьациҵеит арӷәӷәаратә усурақәа шымҩаԥыргахьоу абетонҭарҭәарала.
Ацҳақәа руак абаҩ Бармышь ақыҭа ахадара ҳамҭас ирырҭеит.
Жьиба иажәақәа рыла, аусурақәа 2022 шықәса аԥхынранӡа ирылгоит аҳауатә ҭагылазаашьақәа рԥырхагамхар.
Гәдоуҭа араион ақыҭақәа еимаздо ацҳақәа ҩба еиҭашьақәдыргылоит