Аԥсны

Урыстәылатәи аҳазалхыҩцәа дааныркылеит Аԥснынтәи закәаншьаҭада асигарет ииазгоз

2022 шықәса ҳааҭалазар 28 усҭҵаара хацыркуп, закәаншьаҭада аҭыҭын аалыҵ аҳәынҭқарратә ҳәаа ахыгаразы.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 27 – Sputnik. Урыстәылатәи аҳазалхыҩцәа Аԥснынтәи 400 ҭоԥ асигарет закәаншьаҭада ииаргоз еиԥдырҟьеит. Абри атәы аанацҳауеит Краснодартәи аҳазалхырҭа Шәача ақалақь аҿтәи апресс-маҵзура.
Аушьҭырҭатә ҭыԥ "Адлер" аҿы ажьырныҳәа 26 азы иаанкылан автомашьына ГАЗ 3110. Апассаџьыртә тәарҭа аҵаҟа аҳазалхыҩцәа асигарет рыԥшааит. Иара убасгьы, аҭыҭын аалыҵ ԥшаан акапот аҵаҟа. Иҟан акцизтә дыргақәа зқәызгьы. Амашьына аԥсҟы зкыз иҳәеит асигаретқәа Урыстәыла аҭиразы Аԥсны ишааихәаз.
Аԥсны
2021 шықәсазы Аԥснынтәи Урыстәылаҟа закәаншьаҭада амашьынақәа риагара 15 хҭыс азгәаҭоуп
Аҳазалхыҩцәа изакәаншьаҭадаз тауари амашьынеи имырхит. Аалыҵ аекспертизахь инашьҭын. Ашьаус хацыркын Урыстәыла АЗ 16.1 ахәҭаҷ 1 ахәҭа; 16.3 ахәҭаҷ инарықәыршәаны.
2022 шықәса ҳааҭалазар 28 усҭҵаара хацыркуп, закәаншьаҭада аҭыҭын аалыҵ аҳәынҭқарратә ҳәаа ахыгаразы, ирымхуп 500 000 цыра асигарет.