https://sputnik-abkhazia.info/20220124/2021-shysazy-asnynti-urystylaa-zakanshaada-amashynaa-riagara-15-khys-azgaoup-1037267274.html
2021 шықәсазы Аԥснынтәи Урыстәылаҟа закәаншьаҭада амашьынақәа риагара 15 хҭыс азгәаҭоуп
2021 шықәсазы Аԥснынтәи Урыстәылаҟа закәаншьаҭада амашьынақәа риагара 15 хҭыс азгәаҭоуп
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, ажьырныҳәа 24- Sputnik. 2021 шықәсазы урыстәылатәи аҳазалхыҩцәа Аԥснынтәи Урыстәылаҟа закәаншьаҭада автомашьынақәа аҳәаа иахыганы риагара 15 хҭыс... 24.01.2022, Sputnik Аҧсны
2022-01-24T14:45+0300
2022-01-24T14:45+0300
2022-01-24T14:57+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e4/0c/07/1031417996_0:0:1280:720_1920x0_80_0_0_151318cfb249a14a0ec69f142a5e01be.jpg
АҞӘА, ажьырныҳәа 24- Sputnik. 2021 шықәсазы урыстәылатәи аҳазалхыҩцәа Аԥснынтәи Урыстәылаҟа закәаншьаҭада автомашьынақәа аҳәаа иахыганы риагара 15 хҭыс азгәаҭоуп ҳәа аанацҳауеит Шәача ақалақь аҳазалхырҭа апресс-маҵзура.13 ус хацыркуп административтә зинеилагараз, Урыстәыла Административтә зинеилагарақәа рзы азакәанеидкыла ахәҭаҷ 16.2 ахәҭа 1 инақәыршәаны. Ҩ-хҭыск рганахьала ашьаус ахацыркра азҵаара иахәаԥшуеит.2021 шықәса анҵәамҭазы зыхә ҳараку амашьынақәа Аԥснынтә риагаразы адокумент ԥаршеиқәа разырхиара ахҭысқәа аарԥшын.Аушьҭырҭатә ҭыԥ "Адлер" аҿы Краснодартәи аҳазалхыҩцәа иааныркылеит Аԥснынтә Урыстәылаҟа иахыргоз аҳәаанырцәтә транспорттә хархәагақәа ҩба - TOYOTA ALPHARD, TOYOTA MARK X. Автомашьынақәа рҳазалхратә гәаҭараан иаарԥшын дара ашәҟәы рҭагалара аилагарақәа, иара убасгьы адокументқәа рыԥаршеира. Аҳазалхыҩцәа агәыҩбара рызцәырнагеит амашьына аԥсҟы зкыз ирыдигалаз агәраргага. Имҩаԥгаз аҳазалхартә експертиза иаанарԥшит абланкқәа шԥаршеиз.Атәылауаа ацәгьа руит ҳәа ишьоуп УА АЗ ахәҭаҷ 327 ахәҭа 1 инақәыршәаны. Аматериалқәа нашьҭуп атранспорт азы Урыстәыла ААР Шәачатәи Ацәаҳәатә усбарҭахь.Уи адагьы ашықәс иалагазар Краснодартәи аҳазалхыҩцәа иаԥдырҟәҟәааит закәаншьаҭада Урыстәылантә Аԥсныҟа автотранспорт алагалара (HUMMER H3, TOYOTA LAND CRUISER 100). Арҭ атранспорттә хархәагақәа Интерпол ала жәларбжьаратәи шьҭазаара рыман. Амашьынақәа Шәачатәи ААР ахь инашьҭуп ԥхьаҟатәи ауснагӡатәқәа рымҩаԥгаразы.
https://sputnik-abkhazia.info/20211217/asni-urystylei-razalkhytsa-avtomashynaa-aaa-rakhysrazy-aaraa-irylatsazheit-1036747626.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2022
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e4/0c/07/1031417996_160:0:1120:720_1920x0_80_0_0_153140e083a50dd417ff10c173595970.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа
2021 шықәсазы Аԥснынтәи Урыстәылаҟа закәаншьаҭада амашьынақәа риагара 15 хҭыс азгәаҭоуп
14:45 24.01.2022 (ирҿыцуп: 14:57 24.01.2022) АҞӘА, ажьырныҳәа 24- Sputnik. 2021 шықәсазы урыстәылатәи аҳазалхыҩцәа Аԥснынтәи Урыстәылаҟа закәаншьаҭада автомашьынақәа аҳәаа иахыганы риагара 15 хҭыс азгәаҭоуп ҳәа аанацҳауеит Шәача ақалақь аҳазалхырҭа апресс-маҵзура.
13 ус хацыркуп административтә зинеилагараз, Урыстәыла Административтә зинеилагарақәа рзы азакәанеидкыла ахәҭаҷ 16.2 ахәҭа 1 инақәыршәаны. Ҩ-хҭыск рганахьала ашьаус ахацыркра азҵаара иахәаԥшуеит.
2021 шықәса анҵәамҭазы зыхә ҳараку амашьынақәа Аԥснынтә риагаразы адокумент ԥаршеиқәа разырхиара ахҭысқәа аарԥшын.
Аушьҭырҭатә ҭыԥ "Адлер" аҿы Краснодартәи аҳазалхыҩцәа иааныркылеит Аԥснынтә Урыстәылаҟа иахыргоз аҳәаанырцәтә транспорттә хархәагақәа ҩба - TOYOTA ALPHARD, TOYOTA MARK X. Автомашьынақәа рҳазалхратә гәаҭараан иаарԥшын дара ашәҟәы рҭагалара аилагарақәа, иара убасгьы адокументқәа рыԥаршеира. Аҳазалхыҩцәа агәыҩбара рызцәырнагеит амашьына аԥсҟы зкыз ирыдигалаз агәраргага. Имҩаԥгаз аҳазалхартә експертиза иаанарԥшит абланкқәа шԥаршеиз.

2021 шықәсазы Аԥснынтәи Урыстәылаҟа закәаншьаҭада амашьынақәа риагара 15 хҭыс азгәаҭоуп

2021 шықәсазы Аԥснынтәи Урыстәылаҟа закәаншьаҭада амашьынақәа риагара 15 хҭыс азгәаҭоуп
2021 шықәсазы Аԥснынтәи Урыстәылаҟа закәаншьаҭада амашьынақәа риагара 15 хҭыс азгәаҭоуп
2021 шықәсазы Аԥснынтәи Урыстәылаҟа закәаншьаҭада амашьынақәа риагара 15 хҭыс азгәаҭоуп
Атәылауаа ацәгьа руит ҳәа ишьоуп УА АЗ ахәҭаҷ 327 ахәҭа 1 инақәыршәаны. Аматериалқәа нашьҭуп атранспорт азы Урыстәыла ААР Шәачатәи Ацәаҳәатә усбарҭахь.
Уи адагьы ашықәс иалагазар Краснодартәи аҳазалхыҩцәа иаԥдырҟәҟәааит закәаншьаҭада Урыстәылантә Аԥсныҟа автотранспорт алагалара (HUMMER H3, TOYOTA LAND CRUISER 100). Арҭ атранспорттә хархәагақәа Интерпол ала жәларбжьаратәи шьҭазаара рыман. Амашьынақәа Шәачатәи ААР ахь инашьҭуп ԥхьаҟатәи ауснагӡатәқәа рымҩаԥгаразы.