Асида лҭаацәеи лареи аҿкчымазара рымоуп, аха убри аан ацхыраара рылҭоит егьырҭ иныҟәылго ачымазцәагьы. Мышкы иалагӡаны 94-ҩык ҭелла рыҽрымалдоит, изыргәамҵуа еилылкаауеит.
"Аҭагылазаашьа уадаҩуп. Ачымазцәа рхыԥхьаӡара ессааира иацлоит. Зегьы ҭелла ҳарзасуеит, ираҳҳәоит иҟаҵатәу, ижәтәу ахәшәқәа. Дара ак анырҭахалакгьы рхала ианаҳзасуагьы ыҟоуп. Иахьазы исымоуп 94-ҩык ачымазцәа. Аӡәы дҵәыуеит, егьи дшәоит, аӡәы иаҭаху ҟаиҵаӡом, даҽаӡәы аҟаҵара иҭахӡам, дара зегьы ҳрыҿцәажәоит, рықәшәымшә ҳҳәоит. Ҩышықәса инареиҳауп, ҳҭаацәеи ҳареи ҳшыҟалалакгьы, ачымазцәа ҳзааныжьӡом", - ҳәа еиҭалҳәеит Агрԥҳа.
Аҳақьым илҳәеит, хынтә ачымазара шылхылгахьоу атәы.
"Аԥсшьараамҭа зынӡа иҳамаӡам, иаха зынӡагьы смыцәаӡеит. Схәыҷқәагьы ашоура рыман, ачымазцәагьы ашоура рыман. Ҳааԥсеит, иҳалшом, аха ҳчымазцәа каҳажьуам", - ҳәа азгәалҭеит Агрԥҳа.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.