Аԥсны

Анқәаб: апарламенттә алхрақәа рахыгара ҵаҵӷәык аманы избом

Жәлар Реизарахь алхрақәа мҩаԥгахоит хәажәкыра 12 азы.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 28 – Sputnik. Аԥыза-министр Александр Анқәаб апарламенттә алхрақәа рахыгара ҵаҵӷәык аманы ишимбо атәы иҳәеит ауааԥсыра акоронавирус рацәыхьчаразы Акоординациатә штаб аилатәараҟны ажьырныҳәа 28 азы.
"Ашәарҭарақәеи ахҟьаԥҟьақәеи ишалшо ала еиҵаҳтәуеит, аха аполитикатә ҟазшьа змоу азҵаарақәеи агәабзиарахьчара азҵаарақәеи еилаҳмҵап. Уажәазы сара алхрақәа рахыгара ҵаҵӷәыданы сахәаԥшуеит", - ҳәа иҳәеит иара.
Акоординациатә штаб алахәылацәа аепидемиологиатә ҭагылазаашьа иалацәажәеит. Ареспублика асанитартә ҳақьым хада Лиудмила Скорик илҳәеит акоронавирус омикрон-штамм аԥкрақәа рыла ишузнымкыло, иара убри аан дельта-штамм џьаргьы ишымцаз, аҽацәыхьчара шаҭаху.
Аԥсны аепидемиа ҵысижьҭеи аҿкчымазара 42 065-ҩык ирыхьхьеит, ргәы бзиахахьеит 36 063 -ҩык ауааԥсыра, рыԥсҭазаара иалҵхьеит 590-ҩык.
Жәлар Реизарахь алхрақәа мҩаԥгахоит хәажәкыра 12 азы, иалххоит 35-ҩык адепутатцәа. Аԥсны алхратә комиссиа хада аҟны жьырныҳәа 21 аахыс аԥшьгаратә гәыԥқәа 78, апартиақәа 5 ашәҟәы иҭаргалахьеит Жәлар Реизарахь адепутатразы акандидатцәа ықәдыргыларц.