Аԥсны

Аҳәынҭқарра ахада аиҳабыра рнапы ианиҵеит ачымазцәа хәшәла еиқәдыршәарц

Аԥсны ахада дҵаны иқәиргылеит есыҽны атәылаҿ аепидемиологиатә ҭагылазаашьа зеиԥшроу азы адырра ирҭаларц.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 28 – Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа атәыла аиҳабыреи ауааԥсыра акоронавирус рацәыхьчаразы Аоперативтә штаби анапынҵа риҭеит ачымазцәа хәшәла еиқәдыршәарц. Абри атәы аанацҳауеит ахада исаит. Ари атема иалацәажәан Аԥсны ахада Аслан Бжьаниеи аԥыза-министр Александр Анқәаби ҭелла реицәажәараан.

Аиҳабыра рхада Аслан Бжьаниа изеиҭеиҳәеит аштамм "омикрон" алаҵәара шцои уи аҿагылараз Агәабзиарахьчара аминистрра имҩаԥнаго ауснагӡатәқәеи ртәы.

Анқәаб иҳәеит, ачымазцәа рхыԥхьаӡара ишацлаз, аха ахәышәтәырҭахь инеиуа еиҳа ишеиҵахаз, арҵаратә усҳәарҭақәак рҿы акарантин шалагалоу. Аԥсны ахада дҵаны иқәиргылеит есыҽны атәылаҿ аепидемиологиатә ҭагылазаашьа зеиԥшроу азы адырра ирҭаларц.
Аԥсны
Скорик "омикрон" азы: аԥкрақәа рыла иаанукыло иҟам
Аслан Бжьаниа урыстәылатәи ахәышәтәырҭақәа руак аҿы иҷаҷа ԥырҟеит ажьырныҳәа 24 азы.