Аԥсны

Гәдоуҭа ахыԥхьаӡаратә дырга змамыз амашьына блит

Амашьына зтәыз ҳәа аӡәгьы дшьақәыргылам.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 28 – Sputnik, Бадри Есиава. Аԥсны АҶА амцарцәаҩцәа автомашьына "ВАЗ" 2110 дырцәеит. Амашьына амца акит лыхнытәи амҩеихысырҭаҿы ҳәа Sputnik акорреспондент изеиҭарҳәеит аусбарҭа апресс-маҵзураҿы.
Гәдоуҭа амцарцәара-аиқәырхаратә хәҭахьы аҭел иасит ахҭыс азы ажьырныҳәа 28 ашьыжь.
Апресс-маҵзураҿы ирҳәеит амашьына ахыԥхьаӡаратә дырга шамамыз, изтәу дшеилыргам.
Заанаҵтәи адыррала амашьына амцакра афымцамҩангагақәа реидыслара иахҟьеит.