Лавров Донецки Лугански разхаҵаразы: Минсктәи аиқәшаҳаҭрақәа ирҿагылоит

Донецки Лугански ареспубликақәа рҿы аҭагылазаашьа аицәахара иаҿуп Украина НАТО арратә мчрақәа аизҳара иахҟьаны.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 28 - Sputnik. Урыстәыла аганахь ала Донецктәии Лугансктәии ареспубликақәа разхаҵара залшом Минсктәи аиқәшаҳаҭрақәа иахьырҿагыло азы ҳәа иҳәеит Урыстәыла ААР аминистр Сергеи Лавров арадиостанциақәа ""SPUTNIK", "Эхо Москвы", "Говорит Москва", "Комсомольская правда" аинтервиу рыҭо.
Арадио азыӡырҩы иҟынтә азҵаара ықәыргылан, Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи ирлахьынҵаз Донецки Лугански ирлахьынҵахар ауазар разхаҵара зыҟамлои ҳәа .
Аминистр иазгәеиҭеит, Минсктәи аиқәшаҳаҭрақәа шьаҭаны ишрымоу Украина аҵакыратә акзаара. Урыстәылатәи аган арҭ аиқәшаҳаҭрақәа рықәныҟәара хымԥаданы иашьоит ҳәа иҳәеит иара.

"Азхаҵара азҵаара иазхьаԥштәуп Киев Минсктәи аиқәшаҳаҭрақәа ирықәымныҟәар амуа аҟаҵара ашьаҭала. Ари ҳара ҳазхымԥо мҩоуп. Иазгәаҭатәуп аиқәшаҳаҭрақәа рдокумент ООН Ашәарҭадаратә хеилак азхаҵара шамоу", - иҳәеит адипломат.

Иара иҳәеит, аиқәшаҳаҭра знапы аҵазҩыз Германиеи Франциеи аҳәара шыҟарҵаз урыстәылатәи аделегациахь арҭ аҩ-республикак рнапхгаҩцәа адокумент рнапы аҵарҩыртә аиԥш иақәдыршаҳаҭырц, иара убри ала ахҳәаақәҵараз ареферендум аихшьаалақәа рызхьамԥшра.