Аԥсны

Аҟәа ахәҭак фымцалашарада иаанхеит ацәаҳәақәа рҿы иҟалақәаз аԥхасҭақәа ирыхҟьаны

Аҟәа афымцацәаҳәақәа рҿы иҟалаз аԥхасҭақәа раԥыхразы аенергетикцәа аусура иаҿуп.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 29 - Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Аҟәа ахәҭак фымцалашарада иаанханы иҟоуп афымцаҳақәа рҿы аԥхасҭа ӷәӷәақәа ахьыҟалаз азы ҳәа Sputnik акорреспондент илзеиҭеиҳәеит Аҟәатәи афымцаҳақәа русбарҭа Ҭемыр Џьынџьал.
Ахәылбыҽха ажьырныҳәа 28 рзы афымцаҳақәа ирықәыз аидара иахҟьаны Ажәытә ҳаблаҿы афымцацәаҳәақәа блит. Ажьырныҳәа 29 рзы шьыжьнаҵы афымцамчусзуҩцәа аԥхасҭа аԥырхит.
Аԥсны
Аҟәа Аҳабла жәытә иаланхо лашарада иаанхеит
Даҽа былрак ҟалеит Арцах амҩаҿы астанциа маҷ №94 аҟны. Џьынџьал иажәақәа рыла, уа абригадақәа аусура иаҿуп, хәылбыҽханӡа зегь ҟаҵаны ауаа алашара рырҭап ҳәа агәыӷра рымоуп.
Авариа ҟалеит Хәарцкьиа имҩа ахәҭак аҿгьы, уа акабель бжьысит. Ҳусзуҩцәа аусура уагьы иаҿуп.
"Ҳара хԥа-хԥа сааҭ рыбжьаҵаны ауаа алашара раҳҭоит. Ари аԥхасҭа ҟалеит акабель аидара мыцхәы иахьақәыз азы. Убри аҟнытә уи аҭыԥан иаҳа иҟәазу акабель шьҭаҳҵеит, 120 метра шьҭаҳҵахьеит, уажәы аиԥшьрақәа ҳарҿуп, ҩ-сааҭк рыла ҳалгап сгәахәуеит", - иҳәеит Џьынџьал.
Зегь реиҳа ауадаҩрақәа ҟалеит 12-тәи афидер аҿы (аихшаратә ҳа - азгә.) ННИЕПиТ астанциаҿы. Ҵхыбжьон асааҭ ҩба раахыс Аҟәа агәи аџьармыкьеи лашарада итәоуп.
"Абригада уа аусура иаҿуп, аԥхасҭа ахьыҟалаз аҭыԥ иашьҭоуп. Акабель адгьыл аҵаҟа ижуп, аԥшаара уадаҩуп. Ҳазхәыцып даҽакала ауаа аамҭала алашара рыҭара шалшаша", - иҳәеи Аҟәатәи афымцаҳақәа русбарҭа аиҳабы.