Аԥсны

Аҟәа Турбаза иахьаҵанакуа алашара ҟалеит

Аҟазауаа ишазгәарҭаз ала, ари аҭыԥ аҟны афымцаҳақәа ишьҭырхырц ирылшоз аидара аиҳарықәлеит.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 29 - Sputnik. Аҟәа Турбаза иахьаҵанакуа алашара ҟарҵеит ҳәа адырра ҟанаҵеит "Амшынеиқәафымцамч" Facebook аҿы.
Уи алшеит акабель ҿыц ахьышьҭарҵаз иабзоураны. Аҟазауаа ишазгәарҭаз ала, ари аҭыԥ аҟны афымцаҳақәа ишьҭырхырц ирылшоз аидара аиҳа рықәлеит.
Работы по укладке нового кабеля питающего район турбазы г. Сухум окончены
Уаанӡа "Амышеиқәафымцамч" иҟанаҵаз адыррала, Аԥсны алашара аамҭа-аамҭала арцәара аграфик аус ауӡом, алашара дырцәоит афымцаҳақәа рҿы аидара анырацәахалак ма аԥхасҭақәа аныҟалалак.
Аԥсны
Аҟәа ахәҭак фымцалашарада иаанхеит ацәаҳәақәа рҿы иҟалақәаз аԥхасҭақәа ирыхҟьаны