АҞӘА, ажьырныҳәа 29 - Sputnik. Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура аусзуҩцәа Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрреи Астандартқәеи, ахархәаратәи атехникатә хылаԥшреи рзы аҳәынҭеилаки рыцырхырааны Аԥсны амаининг-фермақәа ҩба русура ааныркылеит ажьырныҳәа 26 рзы имҩаԥыргаз агәаҭарақәа раан, абри атәы аанацҳауеит Аԥсны АШәМ асаит.
Фермак Гәдоуҭа иҟан, аӷәхырҭаҿы. Уа 65 маининг-машьына ықәгылан. Аферма зтәыз дазусҭаз шьақәдыргылеит. Аҩбатәи аобиект рбеит Очамчыра араион Гәдаа ақыҭан. Уа 416 маининг-машьына рбеит. Аферма ҩыџьа ахацәа ирыхьчон. Иара зтәу ихаҭара ашьақәыргылара иаҿуп.
Амаининг азы атехника зегьы еимыхны, Астандартқәеи, ахархәаратәи атехникатә хылаԥшреи рзы аҳәынҭеилакы аамҭалатәи ашьҭаҵарҭаҿы иҵәахуп.
Аԥсны акриптовалиутақәа рмаининг азы азин ыҟам афымцаҳақәа ахьажәуи афымцамч ахьазымхои иахҟьаны.