Аԥсны

Аҟәа агәи аџьармыкьа иахьаҵанакуеи ауаа алашара роуит

Астанциа маҷ НИИЕПиТ аҿы 12-тәи аихшарҭа ахьблыз иахҟьаны ауаа лашарада иаанханы иҟан ажьырныҳәа 29 ауха аахыс.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 30 - Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Астанциа маҷ НИИЕПиТ аҿы иҟалаз аԥхасҭа аамҭала аҭыԥ иқәырҵеит ажьырныҳәа 29 ахәылԥаз, Аҟәа агәи аџьармыкьа иахьаҵанакуеи ауаа алашара рырҭеит ҳәа Sputnik акорреспондент илзеиҭеиҳәеит Аҟәатәи афымцаҳақәа русбарҭа аиҳабы Ҭемыр Џьынџьал.
"Макьана ари апроблема аамҭалоуп ишаҳаӡбаз. Зегь реиҳа ихадоу - ауаа алашара рымоуп. Нас 12-тәи аихшарҭатә станциа маҷ шьаҭанкыла аҭыԥ иқәҳҵоит. Зегьы ишақәнагоу иҟаҳҵоит", - иҳәеит Џьынџьал.
Аԥсны
Аҟәа ахәҭак фымцалашарада иаанхеит ацәаҳәақәа рҿы иҟалақәаз аԥхасҭақәа ирыхҟьаны
Иаха Аҟәа даҽа авариак ҟалеит, Назаӡе лымҩа ахәҭак лашарада иаанхеит. Уажәы уа аремонт ҟазҵо абригадақәа аусура иаҿуп. Шьыбжьанӡа иҟарҵап ҳәа агәыӷра рымоуп.