Аԥсны

Акоронавирус злаз хҩык апациентцәа рыԥсҭазаара иалҵит Гәдоуҭатәи ахәшәтәырҭаҿы

Аԥсны аепидемиа ҵысижьҭеи аҿкчымазара 43 194-ҩык ирыхьхьеит, ргәы бзиахахьеит 36 412-ҩык ауааԥсыра, рыԥсҭазаара иалҵхьеит 594-ҩык.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 30 - Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 азы атестқәа арҭеит 808-ҩык Аԥсны ауааԥсыра, урҭ рахьтә 428-ҩык аҿкчымазара шрымаз аадырԥшит ҳәа аанацҳауеит ауааԥсыра акоронавирус рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.
Гәдоуҭатәи араионтә хәшәтәырҭаҿы рыԥсҭазаара иалҵит хҩык апациентцәа: 69 шықәсеи 70 шықәсеи зхыҵуаз ҩыџьа ахацәеи 68 шықәса зхыҵуаз ԥҳәыски.
Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәшәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 67-ҩык, рҭагылазаашьа бааԥсуп 17-ҩык, ибжьаратәуп - 51-ҩык. Аҟәатәи аинфекциатә хәшәтәырҭаҿы ирхәшәтәуеит аҿкчымазара зыхьуа 41-ы, урҭ рахьтә 15-ҩык рҭагылазаашьа уадаҩуп. Очамчыра ирхәшәтәуеит 11-ҩык, Гагратәи ахәшәтәырҭаҿы - 27-ҩык, урҭ рахьтә аӡәы иҭагылазаашьа уадаҩуп. Тҟәарчалтәи ахәшәтәырҭаҿы жәаҩык ачымазцәа шьҭоуп.