Аԥсны

Х-криптофермак русура ааныркылеит Очамчыреи Аҟәеи араионқәа рҿы

Зынӡа ирымхыз амаининг-аппаратқәа 154 ыҟоуп.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 30 - Sputnik. Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра (ААР) аекономикатә шәарҭадареи аҵарҭышагара аҿагылареи русбарҭа аусзуҩцәа Очамчыреи Аҟәеи араионқәа рҿы ирбеит аус зуаз амаининг-фермақәа хԥа. Абри атәы аанацҳаит аусбарҭа апресс-маҵзура.
Арҭ афермақәа зтәу рганахьала ишьақәыргылоуп административтә ԥкаанҵақәа, амаругақәа рымхны, ААР ашьҭаҵарҭахь инагоуп.
Очамчыра араион Ҭхьына ақыҭан Аслан Думаа иитәу адгьыл аҿы ирбеит акритповалиута арҳара иаҿыз амаининг аппаратқәа 79. Уи афермагьы аҿырхит.
Даҽа 36 аппарат аҿырхит Очамчыра ақалақь Адлеиба имҩаҿы. Ари аферма зтәу Заза Қәацбаиа иганахьала административтә ԥкаанҵа шьақәыргылоуп.
Аус зуа акриптоферма рыԥшааит Аҟәа араион Гәымсҭа ақыҭан арԥхарҭатә нхамҩа аҵакыраҿы. Ара иқәгылаз 39 маруга зтәу Алмас Ҵәыџьба иоуп.
Аԥсны
Азинхьчаҩцәа даҽа ҩ-криптофермак русура ааныркылеит
Аԥсны акриптовалиутақәа рмаининг азы хәажәыра 30 2022 шықәсанӡа азин ыҟам афымцаҳақәа ахьажәуи афымцамч ахьазымхои иахҟьаны.