Аԥсны

Риҵатәи апарк аркызаауеит ажьырныҳәа 31 рзы асыԥса леиуеит ҳәа иҟоу ашәарҭара иахҟьаны

Риҵатәи ареликттә милаҭтә парк аҵакыраҿы асы рацәаны илеиуеит, амш цәгьахоит ҳәа рҳәеит.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 30 - Sputnik. Риҵатәи ареликттә милаҭтә парк аркызаауеит ажьырныҳәа 31 рзы асыԥса леиуеит ҳәа иҟоу ашәарҭара иахҟьаны, абри азы адырра ҟарҵеит Instagram аҿы.
Апарк анапхгара иазгәарҭеит Риҵаҟа узго амҩа уахи-ҽни ишыдрыцқьо. Иагьа ус иҟазаргьы, асыԥса леир алшоит ҳәа ашәарҭара ыҟоуп.
Ажьырныҳәа 23 рзы Риҵатәи ареликттә милаҭтә парк аиҳабы Адамыр Багаҭелиа Sputnik иазеиҭеиҳәеит апарк аҿы аҵыхәтәантәи 15 шықәса раахыс абриаҟара асы рацәаны имлеицт ҳәа.
Иара ишиҳәаз ала, 2022 шықәса ажьырныҳәа 1 инаркны 23 рҟынӡа Риҵатәи амилаҭтә парк иаҭааит 15 нызқьҩык инареиҳаны ауаа.
Аԥсны
Риҵатәи амилаҭтә парк аҿы ҽаамҭанык еиԥшымкәа асы рацәаны илеит