Аԥсны

Аҟәа ақалақь аусбарҭа акарантин ицеит

Аҟәа ақалақь аусбарҭа аусзуҩцәа рмаҵзурақәа рҟынтә рулафахәы еиқәырханы рхы иақәиҭтәуп.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 31 – Sputnik. Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешба иусԥҟала аусбарҭа ажьырныҳәа 31 инаркны жәабран 6 рҟынӡа акарантин ишьҭуп. Абри атәы аанацҳауеит аҳҭнықалақь ахадара асаит.
Уи аԥхьа ирылаҳәан Аҟәатәи ахәыҷбаҳчақәа рҟны жәабран 4 рҟынӡа акарантин ишацҵоу.
Иара убас, аҳҭнықалақь апоиклиникақәа ачымазцәа рыдкыларазы аԥқрақәа аларгалеит.
Аҟәа иалагалоу аԥкрақәа иҟоу аепидҭагылазаашьеи аҿкчымазара ззышьақәырӷәӷәоу рхыԥхьаӡара аизҳареи ирыхҟьеит.
Аԥсны
Аҟәатәи аполиклиникақәа рҿы ауаа рыдкылара дырмаҷуеит