Аԥсны

Аҟәатәи ахәыҷбаҳчақәа мчыбжьык ҳәа иадыркуеит COVID-19 иахырҟьаны

Аҳҭнықалақь ахадараҿы имҩаԥган акоронавирус аламырҵәаразы аоперативтә штаб аилатәара.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 31 - Sputnik. Аҟәатәи ахәыҷбаҳчақәа мчыбжьык жәабран 7 аҟынӡа иадыркуеит COVID-19 иахырҟьаны ҳәа радио Sputnik иазеиҭеиҳәеит Ареспубликатә цхыраара ласы аҳақьым хада Аслан Џьопуа.
Амчыбжь аниаслак, авирус алаҵәашьа иаҿырԥшны ари азҵаара аганахь ала аӡбра рыдыркылоит.
Аԥсны
Гагра араион ашколқәеи ахәыҷбаҳчақәеи рҟны акарантин иацҵоуп
"Аиҳараҩык ачымазара ласны ирхыргоит, мышқәак рыла ирхысуеит. Ахәшәтәырҭақәа рахь инанаго ачымазыҩцәа еиҳа имаҷуп. Убри аан ачымазара аиҳабацәа рзы ашәарҭара шамац иамоуп. Аԥсны акыр иалаҵәахьеит аштамм "омикрон", - иҳәеит Џьопуа.
Аҳақьым иазгәеиҭеит, акоронавирус омикрон-штамм егьырҭ ахкқәа раасҭа еиҳа ирласны алаҵәара шаиуо, атәылауаа рхы рыхьчаларц ааԥхьара ҟаиҵеит.
Ажьырныҳәа 26 азы аҟәатәи ашколқәа жәабран 4 аҟынӡа иадыркит, ажьырныҳәа 27 азы – гәдоуҭатәи ашколхәыҷқәа аужрыжьит жәабран 14 аҟынӡа, ажьырныҳәа 31 азы Гагра араион акарантин аҿҳәара инахеит жәабран 14 аҟынӡа.
Аԥсны
Аҟәатәи аполиклиникақәа рҿы ауаа рыдкылара дырмаҷуеит