АҞӘА, ажьырныҳәа 31 - Sputnik. Аҟәатәи аполиклиникақәа рҿы ауаа рыдкылара дырмаҷуеит аепидемҭагылазаашьа аицәахара инамаданы ҳәа аанацҳауеит ақалақь ахадара асаит.
Аҟәа ахадара агәабзиарахьчара Аусбарҭа ахада Ирма Воуԥҳа лыдҵа инақәыршәаны аполиклиникақәа рахь ашоура змоу рыда уаҩ дрыдыркылаӡом.
Адҵа иаҵанакуеит ақалақьтә поликлиника, ахәыҷтәы поликлиника, аполиклиника №3 (Синоп).
Уи адагьы адокумент ишьақәнарӷәӷәоит амедусҳәарҭақәа рҿы аепидемиа аҿагыларатә уснагӡатәқәа рықәныҟәара шхымԥадоу.
Ахәшәтәырҭақәа рахь атәымуаа рнеира ҟалом, уи азы аҩналарҭаҿы аҷаԥшьаҩцәа ргылахоит.
Аԥсны аепидемиа ҵысижьҭеи аҿкчымазара зыхьхьоу ауаа рхыԥхьаӡара 43 337-ҩык рҟынӡа инаӡеит, ргәы бзиахахьеит 36 489-ҩык ауааԥсыра, рыԥсҭазаара иалҵхьеит 594-ҩык.
Амедусзуҩцәа акоронавирус-хҭысқәа рырацәахара ареспубликаҿ омикрон-штамм алаҵәара иадырҳәалоит.