Аԥсны

Аԥсны акоронавирус зыхьуаз хәҩык ачымазцәа рыԥсҭазаара иалҵит

Аԥсны аепидемиа ҵысижьҭеи аҿкчымазара зыхьхьоу ауаа рхыԥхьаӡара 43 929-ҩык рҟынӡа инаӡеит, ргәы бзиахахьеит 36 757-ҩык ауааԥсыра, рыԥсҭазаара иалҵхьеит 599-ҩык.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 31 - Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 азы атестқәа арҭеит 1009-ҩык Аԥсны ауааԥсыра, урҭ рахьтә 592-ҩык аҿкчымазара шрымаз аадырԥшит ҳәа аанацҳауеит ауааԥсыра акоронавирус рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.
Гәдоуҭатәи араионтә хәшәтәырҭаҿы ажьырныҳәа 30 азы рыԥсҭазаара иалҵит 50 шықәса зхыҵуаз аԥҳәыси 52 шықәса зхыҵуаз ахаҵеи. Ажьырныҳәа 29 азы 102 шықәса зхыҵуаз абырг ԥҳәыси 82 шықәса зхыҵуаз ахаҵеи. Аҟәатәи аинфекциатә хәшәтәырҭаҿы лыԥсҭазаара далҵит 66 шықәса зхыҵуаз ԥҳәыс.
Ари аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәшәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 72-ҩык, рҭагылазаашьа бааԥсуп 21-ы, ибжьаратәуп - 51-ҩык. Аҟәатәи аинфекциатә хәшәтәырҭаҿы ирхәшәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 39-ы, урҭ рахьтә 15-ҩык рҭагылазаашьа уадаҩуп. Очамчыра ирхәшәтәуеит 11-ҩык, Гагратәи ахәшәтәырҭаҿы - 26-ҩык, урҭ рахьтә хҩык рҭагылазаашьа уадаҩуп. Тҟәарчалтәи ахәшәтәырҭаҿы быжьҩык ачымазцәа шьҭоуп.