АҞӘА, ажьырныҳәа 31 - Sputnik. Амшынеиқәатә флот аӷбақәа ротриад Амшын еиқәа аӡымҽхак аҿы аҽазыҟаҵарақәа хнаркәшеит ҳәа аҩуеит РИА Новости АФ аинформациатә еиқәыршәара аҟәша аиҳабы, аҩбатәи аранг змоу акаԥдан Алексеи Рулев иажәақәа шьаҭас иганы.
Амшын еиқәа афлот аӷбақәа 20 ажьырныҳәа 26 азы аҽазыҟаҵарақәа ирылагеит Амшын еиқәа аӡқәа рҿы. Уаанӡа Аҩадатәии Балтикатәи афлотқәа рыӷбақәа аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргон.
"Аҽазыҟаҵаразы амшынтә ҽазыҟаҵарҭақәа рҿы еиуеиԥшым агәыԥқәа имҩаԥыргеит аҵара-еибашьратә усдҵақәа рынагӡара амшын аҿы аибашьразы, имҩаԥган артиллериатә хысрақәа "аӷа" иӷба-цәҟьарақәа ирықәкны", - ҳәа иҳәеит Рулев.
Аӷбақәа рекипажқәа аимадара, аҳауаҿагыларатә, аӷбаҿагыларатә, адиверсиаҿагыларатә ҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргеит.
Аҽазыҟаҵарақәа ирылахәын 20 инарзынаԥшуа еиуеиԥшым аӷбақәа: афрегатқәа, саҟарул-ӷбақәа, аракетатә ӷбақәеи аракетатә шхәақәеи, адесанттә ӷбақәа, аӷбаҿагыларатә ӷба маҷқәа, аминаҽацәыхьчаратә ӷбақәа.