https://sputnik-abkhazia.info/20220131/amshyneiat-flot-aazyaaraa-khnarksheit-1037361927.html
Амшынеиқәатә флот аҽазыҟаҵарақәа хнаркәшеит
Амшынеиқәатә флот аҽазыҟаҵарақәа хнаркәшеит
Sputnik Аҧсны
Аӷбақәа еснагьтәи ргыларҭахь ихынҳәит – Ҟрымтәии Новороссиисктәии арра-мшынтә базақәа рахь. 31.01.2022, Sputnik Аҧсны
2022-01-31T12:17+0300
2022-01-31T12:17+0300
2022-01-31T12:17+0300
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e4/09/16/1030981645_0:19:1763:1011_1920x0_80_0_0_b742f9ca1f4f8f8addeaae3b13677e28.jpg
АҞӘА, ажьырныҳәа 31 - Sputnik. Амшынеиқәатә флот аӷбақәа ротриад Амшын еиқәа аӡымҽхак аҿы аҽазыҟаҵарақәа хнаркәшеит ҳәа аҩуеит РИА Новости АФ аинформациатә еиқәыршәара аҟәша аиҳабы, аҩбатәи аранг змоу акаԥдан Алексеи Рулев иажәақәа шьаҭас иганы.Амшын еиқәа афлот аӷбақәа 20 ажьырныҳәа 26 азы аҽазыҟаҵарақәа ирылагеит Амшын еиқәа аӡқәа рҿы. Уаанӡа Аҩадатәии Балтикатәи афлотқәа рыӷбақәа аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргон.Аӷбақәа рекипажқәа аимадара, аҳауаҿагыларатә, аӷбаҿагыларатә, адиверсиаҿагыларатә ҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргеит.Аҽазыҟаҵарақәа ирылахәын 20 инарзынаԥшуа еиуеиԥшым аӷбақәа: афрегатқәа, саҟарул-ӷбақәа, аракетатә ӷбақәеи аракетатә шхәақәеи, адесанттә ӷбақәа, аӷбаҿагыларатә ӷба маҷқәа, аминаҽацәыхьчаратә ӷбақәа.
Sputnik Аҧсны
 media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
     2022
Sputnik Аҧсны
 media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
     Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
 media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
     Sputnik Аҧсны
 media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
     ажәабжьқәа
Амшынеиқәатә флот аҽазыҟаҵарақәа хнаркәшеит
Аӷбақәа еснагьтәи ргыларҭахь ихынҳәит – Ҟрымтәии Новороссиисктәии арра-мшынтә базақәа рахь.
АҞӘА, ажьырныҳәа 31 - Sputnik. Амшынеиқәатә флот аӷбақәа ротриад Амшын еиқәа аӡымҽхак аҿы аҽазыҟаҵарақәа хнаркәшеит ҳәа аҩуеит
 РИА Новости АФ аинформациатә еиқәыршәара аҟәша аиҳабы, аҩбатәи аранг змоу акаԥдан Алексеи Рулев иажәақәа шьаҭас иганы.
 Амшын еиқәа афлот аӷбақәа 20 ажьырныҳәа 26 азы аҽазыҟаҵарақәа ирылагеит Амшын еиқәа аӡқәа рҿы. Уаанӡа Аҩадатәии Балтикатәи афлотқәа рыӷбақәа аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргон.
"Аҽазыҟаҵаразы амшынтә ҽазыҟаҵарҭақәа рҿы  еиуеиԥшым агәыԥқәа имҩаԥыргеит  аҵара-еибашьратә усдҵақәа рынагӡара амшын аҿы аибашьразы, имҩаԥган артиллериатә хысрақәа "аӷа" иӷба-цәҟьарақәа ирықәкны", - ҳәа иҳәеит  Рулев.
Аӷбақәа рекипажқәа аимадара, аҳауаҿагыларатә, аӷбаҿагыларатә, адиверсиаҿагыларатә ҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргеит.
Аҽазыҟаҵарақәа ирылахәын 20 инарзынаԥшуа еиуеиԥшым аӷбақәа: афрегатқәа, саҟарул-ӷбақәа, аракетатә ӷбақәеи аракетатә шхәақәеи, адесанттә ӷбақәа, аӷбаҿагыларатә ӷба маҷқәа, аминаҽацәыхьчаратә ӷбақәа.