Аԥсны

Аԥснытәи акаратист Урыстәыла аспорт азҟазарахь акандидат ҳәа ахьӡ даԥсахеит

Демиан Леԥсаиа кекусинкаи азы Аладатәи Афедералтә округ ачемпионат аҿы анормативқәа неигӡеит.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 31 - Sputnik. Аԥснытәи атлет Демиан Леԥсаа кекусинкаи азы "Урыстәыла аспорт азҟазарахь акандидат" ҳәа ахьӡ даԥсахеит ҳәа аанацҳауеит Аԥсны аҿари аспорти рызҵаарақәа рзы Аҳәынҭеилакы асаит аҿы.
Акаратист анорматив неигӡеит кекусинкаи азы Аладатәи Афедералтә округ ачемпионат аҿы. Аицлабрақәа мҩаԥысуан 2021 шықәса ԥхынҷкәын 4-5 азы, Волгоград. Атурнир аихшьаалақәа рыла Леԥсаиа актәи аҭыԥ игеит. Аԥсуа спортсмен Волгоград еизгоу акоманда далашәеит. Акоманда аилазаарала Урыстәыла ачемпионат аҿы дықәгылоит.
Леԥсаиа Очамчыра, кекусенкаи азы Аԥсны Афедерациаҿ иҽазыҟаиҵон 2015 шықәса раахыс. Иазыҟаҵаҩ, ареспублика аспорт азҟаза Зураб Мурадиан еиуеиԥшым аамҭақәа рзы атәыла дачемпионхахьеит, жәларбжьаратәи аицлабрақәа рыҟны аԥхьахәқәа ианашьахахьеит. 2021 шықәса аахыс Леԥсаиа Волгоград иҽазыҟаиҵоит, иреиҳаӡоу акатегориа змоу азыҟаҵаҩ, амаҟа еиқәаҵәа занашьоу Рамиль Исмаилов инапхгарала.