Аԥсны

Бжьаниа амчратә усбарҭақәа реиҳабацәеи иареи ҭелла аиҿцәажәарақәа мҩаԥигеит

Аҳәынҭқарра ахада амчратә усбарҭақәа реиҳабацәеи иареи ашәарҭадаратә зҵаарақәа ирылацәажәеит.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 31 - Sputnik. Аԥсны аҳәынҭқарра ахада Аслан Бжьаниа ҭелла драцәажәеит Аԥсны Ашәарҭадаратә маҵзура ахантәаҩы Роберт Киути Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Вальтер Быҭәбеи. Абри атәы аанацҳауеит Аҳәынҭқарра ахада исаит.
Аԥсны
Атеррористцәа рҿагыларазы: Аҟәа аԥсуа-аурыс ҽазыҟаҵарақәа шымҩаԥысыз
Аԥсны АШәМ ахантәаҩы ахада изеиҭеиҳәеит Аҟәа атеррористҿагыларазы аԥсуа-аурыс ҽазыҟаҵарақәа шымҩаԥысыз атәы.

Аԥсны аганахь ала, Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрреи, Ашәарҭадаратә маҵзуреи, Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрреи, Аҳәынҭқарра ахьчаратә усбарҭеи рҟынтәи 500-ҩык аҽазыҟаҵарақәа ирылахәын.

Аусбарҭа ахнтәаҩы иҳәеит аҽазыҟаҵарақәа қәҿиарала имҩаԥысит ҳәа.
Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Вальтер Быҭәба Аслан Бжьаниа изеиҭеиҳәеит ишаанкылоу аҭираз ирхиаз анаркотикатә маҭәашьар рацәани иара убас, акриптофермақәа рыԥшааразы имҩаԥырго иааларҟьаны агәаҭарақәа рлыҵшәақәеи.
Аԥсны
Х-криптофермак русура ааныркылеит Очамчыреи Аҟәеи араионқәа рҿы
Ҭелла аицәажәараҿы иазааҭгылан акыр хра злоу егьырҭ азҵаатәқәагьы.
Аслан Бжьаниа адҵа риҭеит акриптофермақәа рыԥшаара аус дырӷәӷәарц, уаанӡа ирԥшаахьаз хылаԥшра арҭаларц ҩаԥхьа аусура иаладмыргарц азы. Иара убас, Аҳәынҭқарра ахада дазааҭгылеит аҿкчымазара алмарҵәаразы аԥкрақәа иалагалоу рус дырӷәӷәарц.
Аслан Бжьаниа урыстәылатәи ахәшәтәырҭақәа руак аҿы иҷаҷа ԥырҟеит ажьырныҳәа 24 азы.