Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Атеррористцәа рҿагыларазы: Аҟәа аԥсуа-аурыс ҽазыҟаҵарақәа шымҩаԥысыз

© Sputnik / Томас Тхайцук Тренировка СГБ
Тренировка СГБ  - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.01.2022
Анапаҵаҩра
Аԥсны амчратә усбарҭақәеи Урыстәыла Афедералтә шәарҭадаратә маҵзуреи русзуҩцәа аҽазыҟаҵарақәа еицымҩаԥыргеит Аҟәа амҽыша ажьырныҳәа 30 рзы.
Аҽазыҟаҵарақәа рысценари ала, "атеррористцәа" аиҳабыратә хыбрақәа ааныркылеит, ауааԥсыра шасыс иргеит. Аԥсны АШәМ, ААР, АҶА, Урыстәыла АШәМ русзуҩцәа атеррористцәа ықәырган, ашасцәа рхы иақәиҭыртәит. Рхы иадырхәеит акәылӡтәытранспортиорқәа, аробот, иазыҟаҵаз алақәа.
Бадри Есиава, Sputnik

Ахыбраҿы ашасцәеи илҵшәадахаз аиҿцәажәарақәеи

Аҽазыҟаҵарақәа рылагамҭазы 1992-1993 шш. раан иблыз Аминистрцәа рхеилак (Совмин) ахыбра аҿаԥхьа еизеит атәыла аиҳабыра, амчратә усбарҭақәа рнапхгаҩцәа, ақалақь ауааԥсыра.
Асабрадақәа зҿаз, иахәҭоу маҭәала еилаҳәаз ауаа рҭыԥқәа ааныркылеит ахыбра азааигәара, инаԥшы-ааԥшуан, аҭагылазаашьа зеиԥшраз ахәшьара арҭон, наҟ-наҟтәи ашьаҿақәа рыҽрыздырхион.
Ус излахәоз ала иццакны Совмин иаадгылт Минивенк, уи инҭҟьеит гәыԥҩык ауаа. Ихысуа мацара ахыбра иҩналеит, аҩнуҵҟагьы ԥыҭк ихысит.
© Sputnik / Томас Тхайцук Тренировка СГБ
Тренировка СГБ  - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.01.2022
Тренировка СГБ
Аоперациа ахьымҩаԥысуаз аҭыԥ ахь инеит ҩ-кәылӡтәытранспортиорк, дара аҩналарҭа хада иахылаԥшуан. Иҷыдоу азыҟаҵара змоу агәыԥ атехника рҽавакны игылан, равтоматқәа аԥенџьырқәа рахь ирханы.
© Sputnik / Томас Тхайцук Тренировка СГБ
Тренировка СГБ  - Sputnik Аҧсны
1/4
Тренировка СГБ
© Sputnik / Томас Тхайцук Тренировка СГБ
Тренировка СГБ  - Sputnik Аҧсны
2/4
Тренировка СГБ
© Sputnik / Томас Тхайцук Тренировка СГБ
Тренировка СГБ  - Sputnik Аҧсны
3/4
Тренировка СГБ
© Sputnik / Томас Тхайцук Тренировка СГБ
Тренировка СГБ  - Sputnik Аҧсны
4/4
Тренировка СГБ
1/4
Тренировка СГБ
2/4
Тренировка СГБ
3/4
Тренировка СГБ
4/4
Тренировка СГБ
Аҩналарҭа аԥхьа игылаз амашьына ҭырҵааит ароботи акинологцәеи - уа бомба ҳәа акгьы рымбазт, инаскьаганы ҽаџьара идыргылеит.
Аиҿцәажәарақәа мҩаԥызгашаз ауаҩы даарыԥхьеит. Иара инапқәа шьҭыхны ахыбра дыҩналеит, минуҭқәак уа дыҟан, аха аиҿцәажәарақәа лҵшәа шырмоуз еилкаахеит атеррористцәа аԥенџьырқәа рҟынтәи ахысра ианалага. Анаҩс аоперациа аҩбатәи ахәҭахьы ииасит.

Аҳауаҟынтәи ажәылара

Абри аамҭазы авертолиот абжьы ааҩуа иалагеит. Иара аиҳабыраа рыҩны ахыб аҟынӡа ианнеи, аҳауаҿы аҽааннакылеит, уантәи икылԥаз ажәыларатә гәыԥ ахыб иқәԥалеит. Нас ашахақәа рыла ахыбра адәахьтәи аҭыӡқәа рыла илбааны атеррористцәа ахьыҟаз аихагылаҟынӡа инеин аԥенџьырқәа ԥҽны иҩналеит, аиҿахысра иалагеит. Рус нарыгӡарц азы ижәылоз амчратә усзуҩцәа секундқәак роуп ирҭаххаз.
© Sputnik / Томас Тхайцук Учения абхазских силовиков провели в Сухуме
Учения абхазских силовиков провели в Сухуме  - Sputnik Аҧсны
1/2
Учения абхазских силовиков провели в Сухуме
© Sputnik / Томас Тхайцук Учения абхазских силовиков провели в Сухуме
Учения абхазских силовиков провели в Сухуме  - Sputnik Аҧсны
2/2
Учения абхазских силовиков провели в Сухуме
1/2
Учения абхазских силовиков провели в Сухуме
2/2
Учения абхазских силовиков провели в Сухуме
Ус иааҭынчрахеит, аха иаарласны еилкаахеит атеррористцәа зегьы рықәхра шрылымшаз. Дара ахыбра егьырҭ аихагылақәа рҟны рҽырҵәахызаап. Убри азы ҩаԥхьа авертолиот иаԥхьеит.
Уи хынҳәны иаанӡа ҷыдала иазыҟаҵаз агәыԥ ашасцәа дәылыргеит. Атеррористцәа урҭ рыҽрыладырӡҩазар еилыркаар акәын.
МИ-8 ҩаԥхьа ажәҩан аҿы иаацәырҵит, уажәы иара адгьыл аҽазааигәаны илаҟәит, асаба ӷәӷәаны ишьҭнахит. Аҽазыҟаҵарақәа ирыхәаԥшуаз шьоукы аҵлақәа рыҽрывакны рҽырҵәахыр акәхеит.
Авертолиот иақәтәаз уажәшьҭа имшәакәа атеррористцәа ахьыҩназ аганахь апулемиотқәа рыла ихысуа иалагеит, анаҩс, иӷәӷәаны тҟәацбжьык геит. Абас ала, аҳаирмчқәа ари аоперациа хдыркәшеит.
© Sputnik / Томас Тхайцук Тренировка СГБ
Тренировка СГБ - Sputnik Аҧсны
1/2
Тренировка СГБ
© Sputnik / Томас Тхайцук Тренировка СГБ
Тренировка СГБ  - Sputnik Аҧсны
2/2
Тренировка СГБ
1/2
Тренировка СГБ
2/2
Тренировка СГБ

Алҵшәақәеи арҽхәаԥхьыӡқәеи

Лҵшәа бзиала ихыркәшаз аоперациа ашьҭахь, уи иалахәыз амчратә усзуҩцәа зегьы рнапхгаҩцәа рҿаԥхьа ацәаҳәа иқәгылеит. Аԥсны Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура ахантәаҩы Роберт Киут урҭ иҭабуп ҳәа реиҳәеит русуразы, иирҽхәеит иаадырԥшыз апрофессионализм азы, ақәҿиарақәа рзеиӷьеишьеит.
© Sputnik / Томас Тхайцук Учения абхазских силовиков провели в Сухуме
Учения абхазских силовиков провели в Сухуме  - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.01.2022
Учения абхазских силовиков провели в Сухуме
Киут иажәақәа рыла, Урыстәылатәи рколлегацәа алархәны арҭ рҩызцәа аҽазыҟаҵара дуқәа раԥхьаӡа акәны ишымҩаԥысуа.
"Арҭ аҽазыҟаҵарақәа еиҿкаан, раԥхьа иргыланы, ҳакәша-мыкәша иҟоу ишәарҭоу аҭагылазаашьа, иара убас аҩнуҵҟагьы иҟалар зылшо ацәырҵра бааԥсқәа ҳасаб рзуны. Арҭ реиԥш аҽазыҟаҵарақәа уажәаԥхьа ишымҩаԥаҳамгацгьы, ҳаҷкәынцәа ибзианы рхы аадырԥшит, урыстәылатәи ҳколлегацәа рыцхыраарала, хымԥада", - иҳәеит иара.
Киут инаҵшьны иазгәеиҭеит арҭ рҩызцәа аҽазыҟаҵарақәа наҟ-наҟгьы ишымҩаԥыргало. Урҭ ирыбзоураны аԥсны амчратә усбарҭақәа зегьы русеицура еиҳа алҵшәа аиулоит. Уажәы урҭ ирылахәын Аԥсны АШәМ, ААР, АҶА, Агәабзиарахьчара аминистрра, иара убас Урыстәыла АШәМ русзуҩцәа.
Аԥсны АШәМ ахантәаҩы аҽазыҟаҵарақәа "бзиан" ҳәа ахәшьара риҭеит, агәрагарагьы ааирԥшит ҳаԥхьаҟагьы иҵегьы иҟарҵаша, ирҵаша шыҟоу. Иара убас иазгәеиҭеит раԥхьаҟа иҟалараны иҟоу аҽазыҟаҵарақәа еиҳа рымҽхак шыҭбаахо. Урҭ ашьхареи амшын аҿы ишымҩаԥыргало. Аԥсны Атәылахьчара аминистррагьы урҭ ирылахәхар шрылшо иҳәеит.
Роберт Киут иажәақәа рыла, арҭ аҽазыҟаҵарақәа рымҩаԥгаразы Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура абиуџьет аҟынтәи аԥара азоужьын.
Тренировка СГБ  - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.01.2022
Аԥсны
"Атеррористцәа" рықәхразы: ашәарҭадаратә маҵзурақәа Аҟәа рыҽшазыҟарҵо
Ажәабжьқәа зегьы
0