Аҭоурыхҭҵааҩ иҳәеит, атема шьакәырӷәӷәаны иҭыиҵаартә ишалыихыз аспирантура актәи акурс дантәаз, ԥшьбаҟа шықәса раԥхьа.
"Аусумҭа, ҳәарада, аџьабаа рацәа ацуп. Раԥхьа иргыланы аматериал аизгара, анализ аҟаҵара уҳәа. Аматериал аԥшаараҟны дсывагылан аӷьараҳәа, анаукатә напхгаҩы, аҭоурыхтә наукақәа ркандидат Салаҟаиа Сослан́, иара убас аҭоурыхтә факультет аусзуҩцәа ҳажәҩахыр еибыҭаны аматериал аизгароума, агазеҭқәа, ажурналқәа рыҭҵаараҿы исывагылан. Аха аиҳарак аџьабаа адызбало аусумҭа зыҩуа иоуп. Ҳархив аҟамзаара иахҟьаны иуадаҩуп аматериалқәа рыԥшаара, аха убас иҟазаргьы, Урыстәыла иҟоуп архивқәа, маҷк аџьабаа азубар, ҳаҭырла уацныҟәар, агәаанагара сымоуп аматериал шуоуа", - ҳәа еиҭеиҳәеит Габелаиа.
Аҭоурыхҭҵааҩ иҳәеит, избан, хықәкыла иара ари атема аҭҵаара залихыз.
"Аҭоурыхтә тема ҭҵаан Асовет мчра аныҟаз аамҭазы. Шьҭа Асовет мчра ыҟамыижьҭеи 30 шықәса ҵуеит, ари аамҭа иҭагӡаны Аԥсны аҭоурых аҿы иҭҵааны иҟаӡамызт. Зегь раԥхьа иргыланы ихадараз убри ауп, иахьатәи аамҭа иашьашәало иҭҵааны азҵаара Аԥсны аҭоурых аҿы аҟаҵара. Агәаанагара сымоуп, 30 шықәса иҭҵаамкәа иҟаз, маҷк аҭырҭәаара сылшеит ҳәа", - ҳәа еиҭеиҳәеит Габелаиа.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.