https://sputnik-abkhazia.info/20220131/gabelaia-inaukat-usumazy-30-shysa-iaamyz-mak-ayraara-sylsheit-a-sgyueit-1037362250.html
Габелаиа инаукатә усумҭазы: 30 шықәса иҭҵаамыз, маҷк аҭырҭәаара сылшеит ҳәа сгәыӷуеит
Габелаиа инаукатә усумҭазы: 30 шықәса иҭҵаамыз, маҷк аҭырҭәаара сылшеит ҳәа сгәыӷуеит
Sputnik Аҧсны
Аԥснытәи ССР 1921 -1931 шықәсқәа рзтәи асоциал-економикатә ҿиара апроблемақәа зыхьӡыз атемала аҭоурыхҭҵааҩ Аслан Габелаиа ҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа ркандидат ҳәа... 31.01.2022, Sputnik Аҧсны
2022-01-31T15:30+0300
2022-01-31T15:30+0300
2022-01-31T15:36+0300
арадио
аԥсны
аподкаст
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/01/1f/1037362224_0:0:1498:844_1920x0_80_0_0_409fe5db57d42ba63fef5d0a56d69071.jpg
Габелаиа инаукатә усумҭазы: 30 шықәса иҭҵаамыз, маҷк аҭырҭәаара сылшеит ҳәа сгәыӷуеит
Sputnik Аҧсны
Габелаиа инаукатә усумҭазы: 30 шықәса иҭҵаамыз, маҷк аҭырҭәаара сылшеит ҳәа сгәыӷуеит
Аҭоурыхҭҵааҩ иҳәеит, атема шьакәырӷәӷәаны иҭыиҵаартә ишалыихыз аспирантура актәи акурс дантәаз, ԥшьбаҟа шықәса раԥхьа."Аусумҭа, ҳәарада, аџьабаа рацәа ацуп. Раԥхьа иргыланы аматериал аизгара, анализ аҟаҵара уҳәа. Аматериал аԥшаараҟны дсывагылан аӷьараҳәа, анаукатә напхгаҩы, аҭоурыхтә наукақәа ркандидат Салаҟаиа Сослан́, иара убас аҭоурыхтә факультет аусзуҩцәа ҳажәҩахыр еибыҭаны аматериал аизгароума, агазеҭқәа, ажурналқәа рыҭҵаараҿы исывагылан. Аха аиҳарак аџьабаа адызбало аусумҭа зыҩуа иоуп. Ҳархив аҟамзаара иахҟьаны иуадаҩуп аматериалқәа рыԥшаара, аха убас иҟазаргьы, Урыстәыла иҟоуп архивқәа, маҷк аџьабаа азубар, ҳаҭырла уацныҟәар, агәаанагара сымоуп аматериал шуоуа", - ҳәа еиҭеиҳәеит Габелаиа.Аҭоурыхҭҵааҩ иҳәеит, избан, хықәкыла иара ари атема аҭҵаара залихыз."Аҭоурыхтә тема ҭҵаан Асовет мчра аныҟаз аамҭазы. Шьҭа Асовет мчра ыҟамыижьҭеи 30 шықәса ҵуеит, ари аамҭа иҭагӡаны Аԥсны аҭоурых аҿы иҭҵааны иҟаӡамызт. Зегь раԥхьа иргыланы ихадараз убри ауп, иахьатәи аамҭа иашьашәало иҭҵааны азҵаара Аԥсны аҭоурых аҿы аҟаҵара. Агәаанагара сымоуп, 30 шықәса иҭҵаамкәа иҟаз, маҷк аҭырҭәаара сылшеит ҳәа", - ҳәа еиҭеиҳәеит Габелаиа.Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2022
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/01/1f/1037362224_160:0:1493:1000_1920x0_80_0_0_4e594eff666e1fa00ac5f7528f339cf1.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аԥсны, аподкаст, аудио
Габелаиа инаукатә усумҭазы: 30 шықәса иҭҵаамыз, маҷк аҭырҭәаара сылшеит ҳәа сгәыӷуеит
15:30 31.01.2022 (ирҿыцуп: 15:36 31.01.2022) Аԥснытәи ССР 1921 -1931 шықәсқәа рзтәи асоциал-економикатә ҿиара апроблемақәа зыхьӡыз атемала аҭоурыхҭҵааҩ Аслан Габелаиа ҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа ркандидат ҳәа аҭҵаарадырратә ҩаӡара аиуразы аусумҭа ихьчеит. Уи аус шадиулоз атәы Sputnik арадиоефир аҿы еиҭеиҳәеит.
Аҭоурыхҭҵааҩ иҳәеит, атема шьакәырӷәӷәаны иҭыиҵаартә ишалыихыз аспирантура актәи акурс дантәаз, ԥшьбаҟа шықәса раԥхьа.
"Аусумҭа, ҳәарада, аџьабаа рацәа ацуп. Раԥхьа иргыланы аматериал аизгара, анализ аҟаҵара уҳәа. Аматериал аԥшаараҟны дсывагылан аӷьараҳәа, анаукатә напхгаҩы, аҭоурыхтә наукақәа ркандидат Салаҟаиа Сослан́, иара убас аҭоурыхтә факультет аусзуҩцәа ҳажәҩахыр еибыҭаны аматериал аизгароума, агазеҭқәа, ажурналқәа рыҭҵаараҿы исывагылан. Аха аиҳарак аџьабаа адызбало аусумҭа зыҩуа иоуп. Ҳархив аҟамзаара иахҟьаны иуадаҩуп аматериалқәа рыԥшаара, аха убас иҟазаргьы, Урыстәыла иҟоуп архивқәа, маҷк аџьабаа азубар, ҳаҭырла уацныҟәар, агәаанагара сымоуп аматериал шуоуа", - ҳәа еиҭеиҳәеит Габелаиа.
Аҭоурыхҭҵааҩ иҳәеит, избан, хықәкыла иара ари атема аҭҵаара залихыз.
"Аҭоурыхтә тема ҭҵаан Асовет мчра аныҟаз аамҭазы. Шьҭа Асовет мчра ыҟамыижьҭеи 30 шықәса ҵуеит, ари аамҭа иҭагӡаны Аԥсны аҭоурых аҿы иҭҵааны иҟаӡамызт. Зегь раԥхьа иргыланы ихадараз убри ауп, иахьатәи аамҭа иашьашәало иҭҵааны азҵаара Аԥсны аҭоурых аҿы аҟаҵара. Агәаанагара сымоуп, 30 шықәса иҭҵаамкәа иҟаз, маҷк аҭырҭәаара сылшеит ҳәа", - ҳәа еиҭеиҳәеит Габелаиа.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.