Аԥсны

Гагра араион ашколқәеи ахәыҷбаҳчақәеи рҟны акарантин иацҵоуп

Ажьырныҳәа 25 иҟаз адыррала Гагра араион аҿы ашколқәеи ашколқәранӡатәи аусбарҭақәеи 2022 шықәса жәабран 1 аҟынӡа иаркын.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 31 - Sputnik. Гагра араион ашколқәеи ахәыҷбаҳчақәеи рҟны иалагалаз акарантин 2022 шықәса жәабран 14 рҟынӡа иацҵоуп, абри атәы аанацҳауеит Гагра акурорт Facebook адаҟьаҿы.
Абри азы аусԥҟа инапы аҵаиҩит араион ахада Иури Хагәышь.
Аҵара усбарҭақәа рҟны аԥкрақәа алагалоуп атәылаҟны иҟоу аепидҭагылазаашьа иахҟьаны. Акоронавирус омикрон-штамм аарԥшын Ботсванеи Аладатәи Африкеи абҵарамзазы. Аҟазауаа ишырҳәо ала, иара шьҭыркаар рылшоит ачымазара зхызгахьоугьы, алаҵа ҟазҵахьоугьы. Авирусологцәа аӡәырҩы омикрон ОРВИ еиԥшуп ҳәа иршьоит.
Арадио
Ажьиԥҳа Гагра ашколқәа аамҭала раркразы: ачымазара аҽахьарцәгьо азы акы ҳхы иаҳзадҵаӡом