Гинцбург "Спутник Лайт" омикрон-штамм аҟынтә шә-процентк уахьчоит иҳәеит

Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 31 - Sputnik. "Спутник Лайт" ала аиҭалаҵаҟаҵара омикрон-штамм аҟынтә хымз рыҩнуҵҟа шә-процентк уахьчоит ҳәа иҳәеит академик Н. Ф. Гамалеи ихьӡ зху аепидемиологиеи амикробиологиеи Рцентр ахада Александр Гинцбург ателеканал "Россия 1" аефир аҿы.

"75 процент алаҵа змоу авирус ԥызҽуа ацәеижьҿагылақәа рылоуп. "Спутник Лайт" ззыҟаҵаз ауаа ргәаҭараан ишьақәыргылан хымз рыҩнуҵҟа урҭ рахьынтәи 100 процентк ауаа авирус ҿаԥызҽуа ацәеижьҿагылақәа шрымаз", - иҳәеит аҵарауаҩ.

"Спутник V" адагьы Гамалеи Ицентр уаанӡагьы аус аднауылахьан аиҭалаҵаҟаҵара иазырхоу, еилазаарак змоу "Спутник Лайт".
2021 шықәса ԥхынҷкәын 30 инаркны 2022 шықәса ажьырныҳәа 26 рҟынӡа Аԥсны "Спутник Лайт" ҟарҵахьеит 1500-ҩык, апандемиа иалагазар - 6 929-ҩык.
Хара имгакәа Агәабзиарахьчара аминистрра иаиураны иҟоуп "Спутник Лайт".
Аҵарауаҩ иҳәеит "омикрон" абас ирласны иахьыҿио мзызс иамоу