Аҵарауаҩ иҳәеит "омикрон" абас ирласны иахьыҿио мзызс иамоу

© Sputnik / Павел Лисицын / Амедиаҵәахырҭахь аиасраУральские ученые предложили препарат против коронавируса
Уральские ученые предложили препарат против коронавируса - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.01.2022
Анапаҵаҩра
Акоронавирус омикрон-штамм атәылақәа жәпакы ипланы иахьрылоу иахҟьаны иара адунеи аҿы аԥыжәара аиур ауеит.
АҞӘА, ажьырныҳәа 29 – Sputnik. Акоронавирус аштамм ҿыц "омикрон" иӷәӷәаны иахьалаҵәо мзызс иамоуп иара ирласны иахьыҿио иара убас алаҵа иунаҭо ахьчара иахьахысуа азы ҳәа РИА Новости иазеиҭеиҳәеит авирусолог, Новосибирсктәи аҳәынҭқарратә университет абионанотехнологиеи, амикробиологиеи, авирусологиеи рлабораториа аиҳабы Сергеи Нетиосов.
"Раԥхьа инаргыланы "омикрон" злалаз ауаҩы ицәеижь аҟны ирдасны иҿиоит. Иҩбахаз, иара хыхьтәи ахыз иалоу антигенқәа алаҵақәа иурҭо аиммунитет ириааир алшоит, алаҵа ҟауҵахьеижьҭеи шықәсыбжак ҵхьазар", - иҳәеи аҵарауаҩ.
Ахԥатәи мзызс аӡбахә иҳәеит атәылаҿы алаҵаҟаҵара шьшьылаҳаны иахьымҩаԥысуа.
"Ауаа ргәаанагарала, џьара џьашьахәык ыҟоуп, ари ачымазара рхьымскәа амҩасра алшоит ҳәа ихәыцуеит, аха акгьы рыхәарангьы иҟам алаҵа ада. Алаҵа ҟазҵахьоу иаҳа имарианы ирхыргоит, иҟазымҵац реиҳараҩык роуп иуадаҩны изхызго, иуадаҩны изхыхго рахьтә 90% алаҵа ҟазымҵац роуп", - иҳәеит Нетиосов.
Люди в масках гуляют по Шанхаю, Китай - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.01.2022
Аинфекционист омикрон-штамм еиҳа ишьҭызкаауа ркатегориа далацәажәеит
Ажәабжьқәа зегьы
0