Патрушев: Урыстәыла аибашьра аҭахӡам

Мраҭашәара ааҟәымҵӡакәа Урыстәыла Украина акәша-мыкәша аҭагылазаашьа амца аҵанаҵоит ҳәа азгәанаҭоит.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 31 - Sputnik. Урыстәыла аибашьра аҭахӡам, Мраҭашәара акәзар, ахатә хықәкқәа рынагӡаразы ус акәушәа аҳәоит ҳәа иҳәеит Урыстәыла Ашәарҭадаратә хеилак амаӡаныҟәгаҩ Николай Патрушев, ҳәа аҩуеит РИА Новости.
"Аибашьра ҳҭахым. Иззаҳҭаххашаҳәагьы акгьы ыҟам. Уи ҳҭахуп ҳәа иҳадызкыло мраҭашәараа рхатә хықәкқәа роуп ирыӡбо", - ҳәа реиҳәеит Патрушев ажурналистцәа.
Урыстәыла аганахьала Украина ашәарҭара иҭагылоуп ҳәа аҳәара хшыҩдароуп ҳәа иҳәеит иара.
"Урыстәыла Украина иақәмақаруеит рҳәоит. Хшыҩдароуп. Иарбанзаалак шәарҭарак ыҟам. Дара украинаа рхаҭақәагьы абри ауп ирҳәо", - ҳәа иҳәеит Ахеилак амаӡаныҟәгаҩ.
Уаанӡа Урыстәыла ААР аминистр Сергеи Лавров иҳәахьан, Украина акәша-мыкша ицо ахҭысқәа аибырӷыӷкраз иааҟәымҵӡакәа Урыстәыла иахарарҵо Москва шақәшаҳаҭым, дара аӡәгьы ишиԥырхагам . Арҭ аҳәамҭақәа НАТО арратә техника Урыстәыла аҳәаақәа рааигәара идыргыларц ауп изыҟарҵо ҳәа.
Медведев: аибашьра аҽацәыхьчараз аицәажәара аҭахуп
Урыстәыла ахада ипресс-маӡаныҟәгаҩ Дмитри Песков иҳәеит ЕАА-и НАТО-и ринформациа мцла еибаркуп ҳәа.