Медведев: аибашьра аҽацәыхьчараз аицәажәара аҭахуп

© Sputnik / Екатерина Штукина / Амедиаҵәахырҭахь аиасраЗаместитель председателя Совбеза РФ Д. Медведев дал интервью ИД "Комсомольская правда"
Заместитель председателя Совбеза РФ Д. Медведев дал интервью ИД Комсомольская правда - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.01.2022
Анапаҵаҩра
АҞӘА, ажьырныҳәа 27 - Sputnik. Аибашьра аҽацәыхьчараз аицәажәара аҭахуп, аха иҟоуп ауаа ари аҭагылазаашьа иалахәаахәҭуа ҳәа иҳәеит Урыстәыла Ашәарҭадаратә хеилак ахантәаҩ ихаҭыԥуаҩ Дмитри Медведев РИА Новости назлоу АИХқәа аинтервиу рыҭо.
"Ашәарҭадараз ахәдықәҵарақәа роуп иззеилацәажәалатәу. Ари аполитика-дипломатиатә хархәагоуп, еиҿцәажәароуп, еизааироуп, ашәарҭадара апринцип ҳаизыҟазаашьақәа рҿы ахархәароуп. Абарҭ зегьы европатәии жәларбжьаратәии адокумент хадақәа рҿы иарбоуп аганқәа руак ашәарҭадара егьи аган ашәарҭадара аналнамыршо", - ҳәа иҳәеит иара.
Аиҿагылара ззы ихәарҭоу итәы далацәажәо Медведев ҿырԥштәны иааигеит ЕАА асенаторцәа руаӡәк иажәақәа.
Совет Россия - НАТО в Брюсселе - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.01.2022
НАТО арратә мчқәа Мрагылараҟа аҽарҭбаауеит
"Мчыбжьыкҟа аԥхьа саԥхьон, исымҳәар алшом Еиду аштатқәа рсенат аҿы еиҳа зыхшыҩ ҭыкәкәахьоу асенаторцәа руаӡәк, ижәла сгәалашәом, ииҳәаз: иркьаҿу аиадертә еидыслара ҟалар алшоит Урыстәылеи Америкеи рыбжьара ҳәа. Иара иқәра ахьнеихьоу уахәаԥшны иара изы уи зегь акоуп ҳәа уҳәап, аха асеиԥш ахәыцра хшыҩцароуп. Уаҳа аҽак узахҳәаауам", - ҳәа иҳәеит иара.
Медведев иажәақәа рыла "амчра знапы иану ауаа, Америкатәи асенат иалахәылоу асеиԥш анырҳәо рыцҳароуп".
"Сара иахьынӡаздыруа асовет аамҭақәа раангьы, хаҭала сара сзыхьӡаз аамҭаан аиадертә еибашьра иалагазар бзиан ҳәа зҳәоз уаҩ дысгәалашәом, америкаа роума аҽа џьоук роума", - иҳәеит Медведев.
Иара иазгәеиҭеит, Карибтәи акризис ари ауаатәыҩсатә цивилизациа иаҵыхәтәхар шалшо шаанарԥшыз.
"Уажәы арҭ ажәақәа рҳәоит. Ҭакс иаҭатәузеи? Иаанагозеи иара – хшыҩцароу политикатә хәаахәҭроу? Ус акә егьыс акә – ишәарҭара дууп", - ҳәа азгәеиҭеит Медведев.
Иара иҳәеит, НАТО аҟазаара парадоксуп, арра -политикатә алианс иахьазы аӷа дамам, Урыстәыла ахаангьы Мраҭашәара ыҟамзароуп ҳәа амҳәац ҳәа.
"Аблокқәа - иажәхьоу ҭагылазаашьоуп. Аибашьра хьшәашәа иацырҟьоуп. Абри аҭагылазаашьоуп НАТО аҟазаара парадоксны иҟазҵо. НАТО уажәазы мраҭашәаратәи адунеи ыҟамзароуп ҳәа аидеологиа аганахь ала изыԥхьаӡо аӡәгьы дыҟам уаанӡа Варшаватәи аиқәшаҳаҭреи Аҩада Атлантикатәи алианси реиҿагылараан аиԥш", - ҳәа иҳәеит Медведев.
Медведев иҳәеит, НАТО Урыстәыла аҳәаа ҳҽадаҳхалом ҳәа аҳәамҭа башажәан иаанхеит ҳәа.
Ажәабжьқәа зегьы
0