Песков аҿкчымазара иахҟьаны Урыстәыла локдаун заланамгало азы азҵаара аҭак ҟаиҵеит

Урыстәыла аепидемиа ҵысижьҭеи аҿкчымазара зыхьхьоу ауаа рхыԥхьаӡара 11 861 077-ҩык инаӡеит.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 31 - Sputnik. Урыстәыла иҟоу аепидҭагылазаашьа иахҟьаны локдаун алагалара азҵаара ҳалацәажәом, уи иахәҭангьы иҟам ҳәа иҳәеит Урыстәыла ахада ипресс-маӡаныҟәгаҩ Дмитри Песков ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.
"Иахәҭам. Ҳагьалацәажәом", - иҳәеит Песков, Кремль Урыстәыла зегьы локдаун алагалара иалацәажәома ҳәа ашәахьа ажурналистцәа ирҭаз азҵаара аҭак ҟаҵо.
Урыстәыла иазгәаҭоуп, акоронавирус ахҭыс ҿыцқәа 124 070.