Песков аҿкчымазара иахҟьаны Урыстәыла локдаун заланамгало азы азҵаара аҭак ҟаиҵеит

© Sputnik / Владимир Вяткин / Амедиаҵәахырҭахь аиасраТроицкая башня Московского Кремля.
Троицкая башня Московского Кремля. - Sputnik Аҧсны, 1920, 31.01.2022
Анапаҵаҩра
Урыстәыла аепидемиа ҵысижьҭеи аҿкчымазара зыхьхьоу ауаа рхыԥхьаӡара 11 861 077-ҩык инаӡеит.
АҞӘА, ажьырныҳәа 31 - Sputnik. Урыстәыла иҟоу аепидҭагылазаашьа иахҟьаны локдаун алагалара азҵаара ҳалацәажәом, уи иахәҭангьы иҟам ҳәа иҳәеит Урыстәыла ахада ипресс-маӡаныҟәгаҩ Дмитри Песков ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.
"Иахәҭам. Ҳагьалацәажәом", - иҳәеит Песков, Кремль Урыстәыла зегьы локдаун алагалара иалацәажәома ҳәа ашәахьа ажурналистцәа ирҭаз азҵаара аҭак ҟаҵо.
Урыстәыла иазгәаҭоуп, акоронавирус ахҭыс ҿыцқәа 124 070.
Ажәабжьқәа зегьы
0