Аԥсны

Риҵатәи апарк аркхоит жәабран акы азы

Риҵаҟа ухазгало амҩа уахгьы-ҽынгьы асы аныгара ишаҿугьы ашәарҭара шыҟац иаанхоит асыԥса леиуеит ҳәа.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 31 - Sputnik. Риҵатәи ареликттә милаҭтә парк аркызаауеит ажьырныҳәа акы азы асыԥса леиуеит ҳәа иҟоу ашәарҭара иахҟьаны. Абри азы адырра ҟарҵеит Риҵатәи амилаҭтә парк Instagram ахатәы даҟьаҿы.
Ажьырныҳәа 23 азы Риҵатәи апарк аиҳабы Адамыр Багаҭелиа Sputnik иазеиҭеиҳәеит аҵыхәтәантәи 15 шықәса раахыс Риҵа арысҟак асы рацәаны ишымлеиц.
Багаҭелиа ишазгәеиҭаз ала, ажьырныҳәа акы инаркны 23-нӡа Риҵатәи амилаҭтә парк иаҭааит 15 нызқьҩык ауаа.