Аԥсны

Аҟәа ахәҭак ӡыда иаанхоит ахаша жәабран 2 азы

Амҩадуқәа Воронова-Арӡынба, Сахарова-Гәлиа реихысырҭақәа рҿы аиҭашьақәыргылартә усурақәа ирылагоит ахаша жәабран 2 азы.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 2 - Sputnik. Аҟәа ахәҭак ауааԥсыра ӡыда иаанхоит асааҭ 00:00 - 18:00 рзы ахаша жәабран 2 азы, абри атәы аанацҳауеит "Аӡыканал".

Ешба имҩа, Ажәытә ҳабла, Колос, авокзал араион, Адыгаа рымҩа, ВИЕМ, ақалақь агәҭа, аџьармыкьа иаҵанакуа ӡыда иаанхоит.

Аӡы аанкылахоит амҩадуқәа Воронова-Арӡынба, Сахарова-Гәлиа реихысырҭақәа рҿы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ирыхҟьаны.