Аԥсны

Аҟәа COVID-19 азы атестқәа раҭаразы аԥҟара ҿыц шьақәыргылоуп

Аҟәа асанитар-епидемиалогиатә маҵзура алабораториа акарантин иҟоуп.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 1 - Sputnik. Аҟәа COVID-19 азы атестқәа раҭаразы аԥҟара ҿыц шьақәыргылоуп. Абри атәы иҳәеит аҳҭнықалақь ахада Беслан Ешба аԥыза-министр Александр Анқәаб иԥылараан.
Аԥсны
Аҟәатәи ашколқәеи ахәыҷбаҳчақәеи рҿы акарантин аҿҳәара иацырҵар алшоит
Ешба иҳәеит, абиоматериал ахьрыдыркыло аҭыԥқәа зегьы антиген злаҭырҵаауа експресс-тестқәа рыла ишеиқәыршәахо.
Убри аан, иара иажәақәа рыла, ПЦР-аҭҵаарақәа зҿы ирго абарҭ ахаҿқәа роуп:
Ачымазаҩцәа ОРВИ ацәырҵра змоу,
Зцәа зтәым аҳәса,
Ачымазаҩцәа 50 шықәса ирҭысхьоу,
Ачымазаҩцәа дхәычы дду ҩымш-хымш раахыз ашоура змоу.
Аҟәа ахада аԥыза-министр иеиҳәеит, аҳҭнықалақь апоиклиникақәа ачымазаҩцәа рыдкыларазы аԥқрақәа шаларгалаз.
Аԥсны
Аҟәа асанитар-епидемиалогиатә маҵзура алабораториа акарантин ицеит
Беслан Ешба инаҵшьны иазгәеиҭеит, зыԥшра ҟамҵакәан ахәшәтәырҭақәа рахь иаарго ачымазара лаҽы змоу ачымазцәа рыхәшәтәра шаанкылам.
Ажьырныҳәа 31 азы еилкаахеит Аҟәа асанитар-епидемиалогиатә маҵзура алабораториа акарантин ишцаз. ПЦР-тестқәеи абиоматериалқәеи ргара аусура аанкылаӡам.
ПЦР-аҭҵаарақәа мҩаԥыргоит Гагреи Очымчыреи рлабораториақәа рыҟны. Убри аан, уахыки-ҽнаки рыла аус здыруло аматериалқәа рхыԥхьаӡара 1500 рҟынтә 500 рҟынӡа еиҵахоит.