Аԥсны

Аҟәатәи аиқәырхаҩцәа амца зкыз ауаҭах аҟынтәи абырг идәылгара рылшеит

Sputnik
АҞӘА, жәабран 1 – Sputnik. Аҟәатәи амцарцәара-аиқәырхаратә гәыԥ амца зкыз ауаҭах аҟынтәи 1941 шықәса рзы ииз ахаҵа идәылгара рылшеит, абри атәы аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.
Ахаҵа Ареспубликатә хәшәтәырҭахь днаган.
Аҟәа Шотландиатәи амҩаҿы игылоу аҩны уаҭах амца акит. Аиқәырхаҩцәеи амцарцәаҩцәеи абылра ахьыҟалаз инеит асааҭ 14:56 рзы. Амца дырцәеит.
Аԥсны
Гәдоуҭа ахатәыҩны абылра иахҟьаны аԥхасҭа аиуит