АҞӘА, жәабран 1 - Sputnik. Аҟәатәи ашьхарахь ухазгало амҩа ахәҭак бгеит адгьыл ахьҳәазаз иахҟьаны ҳәа аанацҳауеит Аҟәа ахадара асаит.
30 метра рҟынӡа адгьыл ҭабгеит. Иҟоуп ашәарҭара абгара иацлар ҟалоит ҳәа. Уи ателехәаԥшратә бааш ахь уназго амҩа акуеит.
Аҭыԥ ахь инеины ирбеит ақалақь ахадеи ақалақьтәии ареспубликатәии амаҵзурақәа.
Аҟәа ахада ихаҭыԥуаҩ Авҭандил Сурманиӡе ишиҳәаз ала ихымԥадатәиу аусурақәа ирылацәажәоуп.