АҞӘА, жәабран 1- Sputnik. Аполитикатә партиақәа "Амцахара", "Аԥсны жәлар рпартиа", "Аԥсны аекономикатә ҿиара" адепутатрахь акандидатцәа ықәнаргылеит, абри атәы аанацҳауеит Апсны Алхратә комиссиа хада.
Аԥсны аполитикатә партиа "Амцахара" ажьырныҳәа 25 азы имҩаԥнагаз аизара алҵшәақәа рыла адепутатрахь иқәнаргылоит абарҭ акандидатцәа:
Герхелиа Асҭамыр - 2-тәи алхырҭатә ҭыԥ хада (Аҳабла ҿыц),
Ҭорчуа Беслан - 3-тәи алхырҭатә ҭыԥ хада (Ажәытә ҳабла),
Трапизониан Галуст -14-тәи алхырҭатә ҭыԥ хада (Цандрыԥшьтәи),
Гәылариаԥҳа Алиса - 20-тәи алхырҭатә ҭыԥ хада (Аацытәи),
Хәырхәмал Гиви -27-тәи алхырҭатә ҭыԥ хада (Баслахәтәи),
Какәбаа Ҭенгиз -28-тәи алхырҭатә ҭыԥ хада (Гәыԥтәи),
Акаба Алмас - 29-тәи алхырҭатә ҭыԥ хада (Ҷлоутәи),
Емырхәба Беслан - 33-тәи алхырҭатә ҭыԥ хада (Тҟәарчалтәи актәи),
Аршба Беслан - 35-тәи алхырҭатә ҭыԥ хада (Галтәи).
Аполитикатә партиа "Аԥсны жәлар рпартиа" дықәнаргылеит:
Какалиа Асҭамыр 8-тәи алхырҭатә ҭыԥ хада (Алашарбагатәи).
Апартиа "Аԥсны аекономикатә ҿиара" адепутатрахь абарҭ акандидатцәа ықәнаргылеит:
Калиагина Анна 8-тәи алхырҭатә ҭыԥ хада (Алашарбагатәи),
Басариа Александр 9-тәи алхратә ҭыԥ хада (Мрагыларатәи).
Жәабран акы азы аҭагылазаашьала АКХ аҿы иҭаҩуп аԥшьагаратә гәыԥқәа 106, аполитикатә партиақәа хәба. Асиа зегьы шәаԥхьар шәылшоит абра.
Апарламент ахь адепутатцәа алзхуа аполитикатә партиақәеи аԥшьгаратә гәыԥқәеи ашәҟәы рҭагалара мҩаԥысуеит жәабран 10 рҟынӡа. Адепутатразы акандидатцәа ҭарыҩраны иҟоуп жәабран 10 инаркны хәажәкыра 2 рҟынӡа.
Жәлар Реизарахь алхрақәа мҩаԥгахоит хәажәкыра 12 азы, иалххоит 35-ҩык адепутатцәа.