Аԥсны

Гәдоуҭа ахәҭак лашарада иаанхеит астанциа маҷ аҟны ицо аусурақәа ирыхҟьаны

Гәдоуҭа ахәҭак лашарада иаанхеит жәабран 1 асааҭ 10:00 инаркны.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 1 – Sputnik, Бадри Есиава. Гәдоуҭа ахәҭак лашарада иаанхеит астанциа маҷ "Гәдоуҭа-ахара" аҟны аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ахьымҩаԥырго иахҟьаны, абри атәы Sputnik иазеиҭарҳәеит "Амшынеиқәафымцамч" аколл-центр аҿы.
"Астанциа маҷ "Гәдоуҭа-ахара" аҿы ахәшатә алашара арцәага аҳауадаратә ала ирыԥсахуеит. Уажәазы лашарада иаанханы иҟоуп ақалақь агәы, абжьаратә школ №2 иахьаҵанакуа, Замостианка ахәҭа, Гобечиа имҩа, аџьармыкьа араион", - рҳәеит аколл-центр аҿы.
Аиҭашьақәыргылаҩцәа ргәыԥ аҩаша, асааҭ 10:00 рзы аусура иалагеит, сааҭқәак рыҩнуҵҟала ихдыркәшап ҳәа иақәгәыӷуеит.