Урыстәыла АҶА Амшын еиқәаҿы аԥшатлакә ҟалар алшоит ҳәа адырра ҟанаҵоит

Уаанӡа Шәача аслеира ду инадҳәаланы аԥшатлакә ҟалар алшоит ҳәа адырра ҟарҵахьан.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 1- Sputnik. 2022 шықәса жәабран 1 хәлаанӡа Магри - Веселое иахьрыҵаркуа Амшын еиқәа аҵакыраҿы аԥшатлакә ҟалар алшоит ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла АҶА Краснодартәи атәылаҿацә аҿы иҟоу Аусбарҭа асаит.
Аиқәырхаҩцәа аҳәара ҟарҵоит ақалақь аԥшәмацәеи асасцәеи ргәы рҽанызарц, аԥшатлакә амшын ихыҵыр рааигәа иҟоу џьара ҭыԥк аҟны рҽыԥхьаркырц.
Иаалырҟьаны иҟало аԥхаррақәа ирыхҟьаны Ҟәбина аӡхыҵреи аӡымҭҟьари леир алшоит
Асеиԥш аан ахыбра ҳаракқәеи аҵла дуқәеи, иԥҵәоу афымцацәаҳәақәеи, аӡыргаратә ӷәқәеи реиԥш иҟоу аҽырцәыхьчара аҭахуп.
Ахыбра аҩнуҵҟа аҟазаараан аԥенџьыр ааигәара анеира аҭахым, еиӷьуп аҩнуҵҟа уҽыҩноукыр. Амцеи алашареи ырцәатәуп. Иара убасгьы, агазмҩангага акранқәа арктәуп.