Аԥсны

Вольвач: Урыстәыла усдҵаны иамоуп Аԥсны аекономикатә суверенитет арӷәӷәара

Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара асоциалтәи аекономикатәии азеиԥш ҵакыра аиҿкаараз Апрограмма анагӡараз азҵаарақәа рзы аусутә гәыԥ аилатәара мҩаԥган ажьырныҳәа 31 азы, Москва.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 1 – Sputnik. Урыстәыла усдҵаны иамоу Аԥсны аекономикатә суверенитет арӷәӷәароуп аинвистициақәа радыԥхьалареи, аекономика аизырҳареи, абиуџьеттә еиқәыршәара аизырҳареи рымҩала ҳәа иҳәеит аусутә гәыԥ аилатәараҿы Урыстәыла аекономикатә ҿиара аминистр ихаҭыԥуаҩ Дмитри Вольвач.

"Урыстәыла Аԥсназы зыгәра угаша партниоруп. Ҳара ихадоу усдҵаны иҳамоу Аԥсны аекономикатә суверенитет арӷәӷәароуп аинвистициақәа радыԥхьалареи, аекономика аизырҳареи, абиуџьеттә еиқәыршәара аизырҳареи рымҩала. Ҳара иалшо ҟаҳҵоит иреиӷьу анормативтә, атехникатә, атехнологиатә ӡбарақәа рыԥшааразы", - ҳәа иҳәеит Дмитри Вольвач.

Урыстәыла аекономикатә ҿиара аминистр ихаҭыԥуаҩ Дмитри Вольвач аусеицура маншәала ахәшьара ҳарак аиҭеит.
Иҳәеит, 2021 шықәсазы Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара асоциалтәи аекономикатәии азеиԥш ҵакыра аиҿкаараз еиуеиԥшым адокументқәа анапы шрыҵаҩыз аенергетика, абанктә усхк, аҳазалхратә усхк, аекспорттә хылаԥшра, авалиутатә закәанԥҵара рҿы.
"Агәра згоит 2022 шықәсазы ҳусеицура еиҳагьы аҿиара шаиуа, еиҳагьы алҵшәақәа шыҟало", - ҳәа иҳәеит Вольвач.
Аԥсны
Азакәанԥҵарақәа реишьашәалара азҵаарақәа ирылацәажәеит аурыс-аԥсуа аусутә гәыԥ
2020 шықәса абҵарамзазы ишьақәырӷәӷәан, Урыстәылеи Аԥсни рхадацәа Владимир Путини Аслан Бжьаниеи реиԥылара ашьҭахь, Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара асоциалтәи аекономикатәии азеиԥш ҵакыра аиҿкаараз Апрограмма.
Адокумент иаҵанакуеит 2021 - 2023 шықәсқәа рзы инагӡатәны иҟоу ауснагӡатәқәа: атәылауаҩра, аҳазалхратә ҭышәынтәалара, аинвистициақәа рыхьчара уҳәа аусхкқәа. Апрограмма иазԥхьагәанаҭоит жәларбжьаратәи аиқәшаҳаҭрақәа анап рыҵаҩра, азакәанԥҵаратә актқәа рыдкылара.