Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Азакәанԥҵарақәа реишьашәалара азҵаарақәа ирылацәажәеит аурыс-аԥсуа аусутә гәыԥ

© Foto / Минздрав Абхазии Заседание рабочей группы по вопросам реализации Программы формирования общего социального и экономического пространства между Республикой Абхазия и Российской Федерацией
Заседание рабочей группы по вопросам реализации Программы формирования общего социального и экономического пространства между Республикой Абхазия и Российской Федерацией - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.02.2022
Анапаҵаҩра
Ҩ-ганктәи агәыԥ аусура азырхоуп еицырзеиԥшу апроектқәа рымҩаԥгаразы азинтә ԥынгылақәа раԥыхра.
АҞӘА, жәабран 1- Sputnik. Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара асоциалтәи аекономикатәии азеиԥш еилаӡара аиҿкаараз Апрограмма анагӡараз азҵаарақәа рзы аусутә гәыԥ аилатәара мҩаԥган ажьырныҳәа 31 азы, Москва. Абри атәы аанацҳауеит Агәабзиарахьчара аминистрра апресс-маҵзура.
Аганқәа иҭырҵааит аинвистициатә, ашәахтә, аҵаратә, аҳазалхратә, агәабзиарахьчаратә усхкқәа рҿы азинтә ҭышәынтәалара азҵаарақәа.
Флаги  - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.11.2020
Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара азеиԥш ҵакыра аиҿкаара апрограмма шьақәырӷәӷәоуп
Аусутә гәыԥ Аԥснытәи аган иалахәуп: аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган, Агәабзиарахьчара, Аиустициа, Ашәахтәқәеи аизгақәеи, Аҵареи рминистррақәа рхадацәа, Аԥсны ААРи Аҳазалхратә еилаки рхаҭарнакцәа.
Урыстәылатәи аган хадара азиуеит Аекономикатә ҿиара аминистр ихаҭыԥуаҩ Дмитри Вольвач.
Аслан Бжьаниеи Владимир Путини реиԥылара ашьҭахь 2020 шықәса, абҵарамзазы ишьақәырӷәӷәан Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара асоциалтәи аекономикатәии зеиԥш еилаӡара аиҿкаараз Апрограмма.
Ажәабжьқәа зегьы
0