Аԥсны

Аԥсны 721 коронавирус хҭыс ҿыц азгәарҭеит иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла

Аԥсны аепидемиа ҵысижьҭеи аҿкчымазара зыхьхьоу ауаа рхыԥхьаӡара 45 104-ҩык рҟынӡа инаӡеит, ргәы бзиахахьеит 37 488-ҩык ауааԥсыра, рыԥсҭазаара иалҵхьеит 602-а.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 2 - Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 азы Аԥсны ауааԥсыра атестқәа арҭеит 947-ҩык, урҭ рахьтә 721-ы аҿкчымазара шрымаз аадырԥшит ҳәа аанацҳауеит ауааԥсыра акоронавирус рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.

Апсихиатриатә хәшәтәырҭаҿы иԥсҭазаара далҵит 1938 шықәса рзы ииз апациент.

Ари аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәшәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 61-ҩык, рҭагылазаашьа бааԥсуп 11-ҩык, ибжьаратәуп - 50-ҩык. Аҟәатәи аинфекциатә хәшәтәырҭаҿы ирхәшәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 38-ҩык, урҭ рахьтә 16-ҩык рҭагылазаашьа уадаҩуп. Очамчыра ирхәшәтәуеит 7-ҩык, Гагратәи ахәшәтәырҭаҿы - 25-ҩык, урҭ рахьтә ҩыџьа рҭагылазаашьа уадаҩуп. Тҟәарчалтәи ахәшәтәырҭаҿы жәаҩык ачымазцәа шьҭоуп. Ареспубликатә иҷыдоу апсихиатриатә хәшәтәырҭаҿы ишьҭоуп 15-ҩык апациентцәа.